Арда Ашәба: аҭацеи абхәеи реизыҟазаашьа акыр ухнахыртә иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАфилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа ахьынхоз дырҭаахьеит, дара аԥсуара еиқәырханы ишрымо атәы игәаанагарагьы ҳацеиҩишеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсуара иамҽханакуа акырӡа ирацәоуп. Сара изныкымкәа Ҭырқәтәыла ҳашьцәа ахьынхо сцахьеит. Зегьы хаҭа-хаҭала срыҿцәажәахьеит ҳәа сызшәаҳәом, аха сахьрылаԥшыз избаратәы иҟоуп акырӡа ажәытә ҵасқәа ишрыцклаԥшуа. Иаҳҳәозар, аихаҵгыларақәа, аиҳаби аиҵби рыпатуеиқәҵашьа, аԥҳәызба аҭаацәара иалалаз ланхәеи лабхәеи рызнеишьа, лабхәында егьа дхәыҷызаргьы ихьӡ амҳәара.

Иахьагьы уи еиқәханы иҟоуп дара рҿы. Даҽа зҵаароуп аԥҳәызба аҭаацәара даналало инарыгӡо ачарашәа. Иахьа ақыҭақәа рҟны шамахаӡамзар иуԥымло, уа еиқәханы иҟоуп. Аҭацаагара ашәа ҳәаны аҩны дыҩнаргалоит. Аҩны даныҩнаргало ҳара ҳҟны аҟамақәа рыхқәа еидыргыланы еиҿакшо дыҵрыжьуеит, аха дара рҟны акьарахәи аҟамеи рхы еидыргыланы ауп ишыҟоу. Сгәы иаанагоит Аԥсны ажәытә иныҟәыргоз ари аҵас Ҭырқәтәыла еиқәхаз акоуп ҳәа.

Ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогәуа: зегьыҵәҟьа арахь ихҵәаны ишзымаауа ҳдырроуп

Аҭацеи абхәеи реизыҟазаашьа акыр ухнахыртә иҟоуп. Амцәажәара. Ажәытә, уажәы ақыҭақәа ҭацәуа иалагеит аха, аҵеџь рыман, аӡыхьқәа рыман. Аҭаца убра дцаны аӡы аалгар акәын, лабхәа иҟны дымцәажәакәа аӡы илыржәуан, аӡәы дахьибоз, еиҳаракгьы аиҳабы иҿаԥхьа аб ихшара димкыр акәын, иԥхашьаран.

Уи иадҳәалоу хҭыск саҳаит уа Ҭырқәтәыла. Аҩны аҿҿаҳәа ибылуан, аб ихшара игәы изыбылуан, аха ажәлар гылан, иааигәа дзымнеит, дизышьҭымхит. Уи иаԥсуара даӷрамгылеит, днанамышьҭит ауп иаанаго. Ижәбоит изакәытә мчы ӷәӷәоу иамоу аԥсуара. Ус еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа рацәаны иҟоуп. 

Аԥсуара атәы анаҳҳәа, Аԥсны инхо аԥсуаа ҳакәым, Ҭырқәтәыла аҭырқәцәа иазгәарҭазгьы ыҟоуп аԥсуара аганахь ала. Уажәааигәанӡа аԥсуа чарақәа рҟны иӷәӷәаны ихысуан. Аполициа акәшан игылон ақыҭа ачара ахьымҩаԥысуаз, аха рыҽрыларгалаӡомызт. Ус амашәырқәа ҟалеит. Аӡәык ҩыџьак иҭахақәаз ҟалеит.

Аиҳабацәа ааицәажәан убас еиԥш аԥҟара шьҭырхит зыҩнаҭа аҟны ахысра мҩаԥысуа, мамзаргьы абџьар ҭзырҟьаз иҩны чарак, гәырӷьарак, цәгьарак ыҟазар ҳшымнеиуа ҳшихамыҵгыло ҳәа. Ари чарак руит, ҩчарак, хчарак … Ақыҭақәа рҟны ахысрақәа ирҟәаҵит. Аҭырқәа еиҳабацәа аԥсуаа еизырган иразҵаауа иалагеит.

"Уаанӡагьы азакәан ыҟан, азакәан шәықәныҟәаӡомызт, уажәы ахысра шәаҟәызхи?", ҳәа. "Аԥсуароуп!", ҳәа рарҳәеит. Шәазхәыц уи иамоу аҵакы, аԥсуара шаҟа ауаҩы дааннакыло, шаҟа ауаҩы дааӡо, изакәытә ԥҟарроу. Аҳәынҭқарратә зин аҵкыс, аиҳабы иажәа амч акыр ишыӷәӷәо. 

Даҽа зҵаароуп, ҳара сасык данаҳзааиуа ахьышәҭҳәа акаҳуа иқьышә инықәаҳкуеит. Акаҳуажәра Ҭырқәтәыла аиҵбацәа рзы иԥхашьароуп. Аиҳабацәа ирыдтәаланы аиҵбацәа акаҳуа ржәыр ҟалаӡом. Уи қьафураны иԥхьаӡоуп, аиҳабы пату иқәумҵо аҟынӡ инаӡоит. Аҿар аҭаҭын иахозаргьы, реиҳабацәа иахьырбо аҭаҭын иахаӡом, рҽыҵәахны иахоит. 

Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра еснагь Аԥсны иазҿлымҳазаауеит - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра еснагь Аԥсны иазҿлымҳазаауеит

Иазгәасҭарц сҭахуп даҽа ҷыдарак. Ҳара ҳҟынгьы иҟан ажәытә-анапгәӡра. Аиҳабы инапы иагәӡуан. Уи уа еиқәханы иҟоуп. Акызаҵәык са исзымдыруа инапы иагәӡны рхы иадыркылоит. Убри ахадкылара ҳара ҳҟны иҟамзар ҟаларын, аха анапгәӡра ыҟан. Уи уа еиқәханы иҟоуп. Мышкы дуеиҳабызаргьы инапы уагәӡны инапы ухы иадукылароуп. Уи патуқәҵароуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Даҽа зҵаароуп уи иара азин уимҭар. Аха, уара уҽазыушәозар, уи хымԥада апатуқәҵара уазыхиоуп аанагоит. 

Иаҳҳәап,  уажәы ара ҳара жәлала иаҳҳәозар, уа хылҵшьҭрала ирҳәоит. Уимоу, зны-зынла ианҵаауа ыҟоуп "Аԥсны абас еиԥш иҟоу ажәла нхома?", ҳәа. Жәлак акыр абиԥарала ахылҵшьҭрақәа амоуп, абиԥарақәа рыла ирдыруеит. Уи еиҳагьы пату ақәҵаны ишьҭырхуеит, "Хьӡы змоу абиԥара дахылҵшьҭроуп", ҳәа иазнеиуеит.

Иаҳҳәозар, Ҵабалаа рысасдкылашьа. Ашьтәа ашьышьа, ашьтәа махәҭала аиҿыхшьа ԥсыуа ҵасла ҳәа аиҳабацәа рҿы иахьа еиқәханы иҟоуп. Асас дахь ихәы ҷыдала идырхион. Уи дхәыҷызааит аҭахызар. Аха асас иааиз, егьа фатә хкы имазаргьы, ашьтәа шьны, абысҭа изыруан.

Абысҭа ҳара ишанаҳҵоз еиԥш акәымкәа абысҭа уны, уа иақәырҵоит ахы абжа, агәы, агәаҵәа, аԥылқады, уи ахыхь ажәҩашәаҟьа, уи ахыхь аваҵарақәа ҩба. Нас иара ишиҭахәу, иҭахызар аиҳаб иахь ишоит уи ахы абжа, уи патууп. Иаанагоз уи акәын, асас изы ашьтәа шшьу, имазеины иҟаз дшалеимыгӡаз. Уи даара акәамаҵамарақәа амоуп. 

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа руаџьаҟқәа рҿы акәац, ашә дырҩоит. Аԥацха захьӡу рыздырӡом уа. Рыҩны азааигәарақәа рҟны аҽҭакырҭақәа рымоуп. Аԥсуаа аҽы пату рзақәын, ирзақәуп иахьагьы. Насгьы ццакырак ҟалар дыҩны аҽы дашьҭамло, иааигәа инапаҟны иҟан. Акәадырчаԥақәа, аԥсуаа даара пату ақәырҵоит.

Уимоу, џьара-џьара иубаратәы иҟоуп аҭырқәа культура иаланагалаз Кавказаа рымаҭәақәагьы, иара убас акәашаратә елементқәагьы. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҟны ада џьаргьы иаанымхаӡеит аӷәи алабеи ирысны акәашара. Ачара аныруа "Аураашьа" ашәа ҳәаны, убри ала ихдыркәшоит. "Аураашьа" Аԥсны еиҿкаау акәашарақәа рҟны иалоуп. Еиҳарак ихадаз "Аураашьа" икәашоз, аҭаца дахьыҩнагылаз аҩнаҭа аҟны икәашаны, шьапыла "иҵыгьны"(дара ражәақәа рыла исҳәоит) аҭӡы ԥырҽуан.

Уаҵәы ашьжьымҭан иааны аҭаца лылшарақәа гәарҭон, абни иԥырҽыз аҭӡы аҭаца ишьыхны, уаҩы имбо илзыҟаҵо илзыҟамҵо гәарҭон. Убри даара угәы иахәаратәы иаҳзеиҭаҳәаны, издыруа абыргцәа кәашаны ҳара иаҳдырбеит. Ус баша рнапы еибаркны акәашара акәӡамызт, амҳараҿы аҭаца дахьыҩнагылаз "Аураашьа" зегьы рнапы еибаркны икәашон.

Нас аӡәык, ҩыџьак абри аҭӡы ԥаҳҽындаз ҳәа иҵыгьны иасуан. Усҟан ишышны, ишьыхны иҟан. Уимоу ирҳәон аиҳабацәа, ҳазлаҩналоз ала ҳдәылҵӡомызт, убасҟак иԥырҽуан ҳәа. Аҭаца шьыжьымҭан шаанӡа убри зегьы шьыхны, уаҵәтәи амш иалагӡаны, ианааиуа аамҭанӡа ирҽеины иҟалҵар акәын. Убас дԥыршәон аҭаца. Ирацәоуп ҳдоуҳатә беиара хазырҭәаауа ахҭысқәа, аҿырԥшқәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0