Ашоу "Ты супер!" алахәыла Валериа Адлеиаԥҳа ҳлыдгылап

© Sputnik / Илона ХварцкияВалериа Адлеиаԥҳа
Валериа Адлеиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мышқәак роуп иаанхаз ателеканал НТВ-и аинформациатә маҵзура Sputnik-и еицымҩаԥырго апроект "Ты супер!" алагаразы. Москвантәи аҭел даҳзасит Аԥсны ахьӡала ашоу иалахәу Валериа Адлеиаԥҳа.

АҞӘА, жәабран 10 — Sputnik. Sputnik Аԥсны апродиусор Амина Лазԥҳа дзыҿцәажәоз Валериа илҳәеит лара егьырҭ ашәаҳәаҩцәа хәыҷқәа аӡәгьы диеԥшхар шылҭахым.

"Маҷк аҟара агәыхыҭхыҭра сымоуп. Схы агәра сымго акәым, асеиԥш иҟоу асцена ду ахь уаанӡа сахьымнеицыз ауп уи зыхҟьо. Сара агәахәара снаҭоит абри апроект аҟны бзиа избо стәыла аӡыргараз алшара ахьсоуа", — лҳәеит Лера.

Валериа Адлеиаԥҳа иара убасгьы илҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Буриатиа уҳәа рҟынтәи ашәаҳәаҩцәа хәыҷқәеи лареи шеиҩызцәахаз.

Аиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуеит Урыстәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрра адгыларала. Апроект амҩаԥгаҩыс дҟалоит Вадим Такмениов. Ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуеит ателеканал НТВ аҟны жәабран 11 рзы.

Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит НТВ асаит аҟны. Ашоу иазку ажәабжьқәа рдырра шәылшоит Sputnik Аԥсны аресурсқәа рҟны. Аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik хылаԥшра арҭоит аиндаҭлара амҩаԥысшьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0