Очамчыра араион Ахада: асасааирҭақәа анаплакқәа рцынхәрас

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинвестпрограмма анагӡара иазкыз аилацәажәара мҩаԥысит Очамчыра арион Ахадараҟны аԥшьаша, жәабран 23 рзы.

АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аинвестпрограмма анагӡара иазкыз аилацәажәара мҩаԥысит Очамчыра арион Ахадараҟны аԥшьаша, жәабран 23 рзы. Аилацәажәараҟны араион Ахада Хьрыԥс Џьопуа ажәалагала ҟаиҵеит араион иазоужьу 30 миллион мааҭ анаплакқәа рыргылара акәымкәа асасааирҭақәа рыргылара иазырхазарц. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳаит ҳкорреспондент.

"Арҭ аԥарақәа инагӡаны аус зуша анаплакы иазхаӡом. Маҷ-маҷ еихаҳшар аасҭа акык-ҩбак шьаҭанкыла иҳаргылар еиӷьуп", — иҳәеит иара.

Иахьатәи аамҭазы иазырхиоуп асасааирҭақәа ҩба рпроектқәа. Арҭ аԥарақәа рыла урҭ рыргылара алыршахоит. Ари атуризм аусхк арҿиараз ихәарҭаны иҟалоит иҳәеит араион Ахада.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба иазгәеиҭеит ари азҵаара иазхәыцтәуп аха аҭыԥантәи аалыҵ ала ауаа реиқәыршәаразы иаҭахуп анаплак маҷқәа ҳәа. Иара иажәақәа рыла аԥарақәа 35-40 миллион рҟынӡа рхагалара ҟалоит арезервтә фонд аҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0