Аҟәа имҩаԥысит аныҳәатә концерт

© Sputnik / Томас ТхайцукМарт 8 азы Аҟәа имҩаԥган аныҳәатә концерт
Март 8 азы Аҟәа имҩаԥган аныҳәатә концерт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Март 8 азы Аҟәа имҩаԥган аныҳәатә концерт.

АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа иазкыз аконцерт "Аԥсуа ҳәса ссирқәа" мҩаԥысит Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны. Аконцерт ахәаԥшыҩцәа рахь ихы нарханы Адгәыр Гәынба, ахәылԥаз амҩаԥгаҩ иазгәеиҭеит аҳәса роль иахьатәи ҳҳәынҭқарра аԥсҭазаараҟны хәы змам акакәны ишыҟоу.

Аԥсуа жәаԥҟа иаҳәоит "Аԥҳәыс илгәыӷьуа уаҩԥсы изыгәаӷьуам" ҳәа.

Аҭоурых, афольклор рҟны аԥсуа ԥҳәыс еснагь аҭаацәара реиҿкааҩ, реиқәырхаҩ леиԥш адагьы аԥсадгьыл ахьчаҩ лакәны даарԥшуп, ҳәа.

Ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәса ишрыбзоуроу ахаҵа ифырхаҵарагь, аԥсҭазаараҟны илшамҭақәагьы.

"Ҳаҭыр зқәу аҳәсақәа, ишәымаз анасыԥ, аманшәалара, агәыбзиара. Шәара шәыдгылара ҳара ҳзы аҵакы дуӡӡоуп", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0