Еизгоу аԥсуа командеи амшынҳәақәеи ампыл еицасуеит Шәача

© Sputnik / Игорь Михалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДельфинарий на черноморском побережье
Дельфинарий на черноморском побережье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аолимпиатә парк аҟны аԥшьаша, хәажәкыра 9 рзы Шәача имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл азы ахәмарра дсасны даҭаауеит асовет шьапылампыласыҩ Евгени Ловчев.

АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Аконфедерациа Ахраҿа амҩаԥысра шәымш шагу Шәача, Аԥсны еизгоу акомандеи шәачатәи акоманда "Жемчужинеи" аиԥылара мҩаԥыргоит. Ахәаԥшцәа радыԥхьаларазы имҩаԥгахоит амшынҳәақәеи, амшын лымқәеи, ахәаԥшцәеи рыбжьара ампыл асра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Шәача ақалақь Ахадара адыррала асовет шьапылампыласыҩ, Урыстәыла аспорт азҟаза Евгени Ловчев аматч асас дахь иакәны дҟалоит. Аиԥылара ахҳәаа аиҭалоит ашоумен Сергеи Крылов.

"Шәачатәи адельфинари аҟны имҩаԥгахоит амшынҳәақәеи, амшын лымқәеи, ахәаԥшцәеи рыбжьара ампыл асра. Аланаԥшыра аҳәаақәа ирҭагӡаны ихацыркхоит апроект "Вся Кубань играет в футбол!", ирылаҳәахоит ашьапылампал атематика иатәу ажурналист усумҭазы аиндаҭлара".

Аконфедерациа Ахраҿаз ахәмаррақәа мҩаԥысуеит рашәарамза 17 инаркны ԥхынгәы 2 рҟынӡа, Казань, Шәача, Санкт-Петербург, Москва.

Урыстәыла еизгоу акоманда агәыԥ А иалахәны Португалиа, Зеландиа Ҿыц, Мексика ркомандақәа ирыцыхәмаруеит.

Агәыԥ B иаҵанакуеит Чили, Австралиа, Германиа, Камерун ркомандақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0