Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада: араҟа ачымазцәа рыбжьы рмҭиӡацт

© Sputnik / Томас ТхайцукАреспубликатә хәышәтәырҭа
Ареспубликатә хәышәтәырҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны ишьҭоу ачымазцәа рахь ҷыдала аӡәгьы абжьыҭиразы дшымнеиц ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҭамаз Цахнакьиа.

"Ареспубликатә хәышәтәырҭа абжьааԥнеиԥш аус ауеит. Иааргоит ачымазцәа, иҳадаҳкылоит. Изыхәҭоу шьҭаҳҵоит. Шьыжьаахыс макьана аурна-еиҭага аӡәгьы иааимгацт арахь ачымазцәа рыбжьы рҭиртә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭаразы", — иҳәеит Ҵахнакьиа.

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0