Васили Лихачиов: аҿар ахьырацәоу агәахәара снаҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа ахаҭарнак Васили Лихачев
Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа ахаҭарнак Васили Лихачев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа инарыдҳәаланы арахь иааны иҟоуп 39 жәларбжьаратә наԥшҩы.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны ицо апарламенттә алхрақәа рҟны аҿар даара активла рхы аадырԥшуеит иҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа ахаҭарнак Васили Лихачев.

Васили Лихачев иазгәеиҭеит Аԥсны аелекторат даара аҭакԥхықәра рхы иадырҵоит ҳәа.

"Ҳара ҳарҭааны иаабеит алхырҭатә ҭыԥқәа жәпакы. Иазгәасҭар сҭахуп аполитикатә культура ара ишыҳараку. Иара убас сгәы иахәаны иазгәасҭар сҭахуп аҿар активла рхымҩаԥгашьа. Аиҳабыратә абиԥара – урҭ ртәы аҽакӡоуп", — иҳәеит Лихачев.

Иара иажәақәа рыла алхрақәа реиҿкаашьа бзиоуп, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо иҟоуп.

82-шықәса зхыҵуа Анатоли Лашәриа - Sputnik Аҧсны
82-шықәса зхыҵуа абжьыҭиҩы: сара салхра смоҭацәа рԥеиԥшоуп

"Зегьы даара ибзианы аиҿкаара рымоуп. Асиа харҭәаақәа рганахь алагьы аусура бзианы имҩаԥысуеит. Алхҩы изинқәа ишахәҭоу еиԥш реиқәыршәара аҵак ду амоуп", — иҳәеит анаԥшҩы.

Васили Лихачев иажәақәа рыла жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алхрақәа рымҩаԥысшьа аинтерес ду рзаҵоуп.

"40-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа ара иааны иҟоуп", — иҳәеит иара.

Васили Лихачев иҳәеит алхрақәа турк ала имҩаԥысып ҳәа, избанзар, аҩбатәи атур – уи харџьуп, абиуџьет иазыхьанҭахоит.

Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә лхрақәа ирылахәуп 137-ҩык акандидатцәа. Урҭ рҟынтәи 25-ҩык аполитикатә партиақәа рҟынтәи иқәгылоуп.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0