Акаԥҳа: алхраан абыжьқәа аархәон

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Ауаажәларратә палата аилатәара
Аԥсны Ауаажәларратә палата аилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ауаажәларратә палата Апарламент ахь алхрақәа актәи ртур амҩаԥысраз аихшьаалақәа ҟанаҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаԥҳа Апарламент ахь алхрақәа актәи ртур аан ҭыԥқәак рҟны иаартны алхыҩцәа рыбжьқәа аархәон, лҳәеит хәажәкыра 17 рзы имҩаԥысуаз абрифинг аҟны.

"Иҟан алхыҩцәа "амҩа ҟауҵар, ҳабжьы уаҳҭап" ҳәа акандидатцәа иразҳәоз", — лҳәеит лара.

Акаԥҳа лажәақәа рыла ари аус хымԥада азинхьчаратә органқәа азхьаԥшра арҭароуп.

Нателла Акаԥҳа иазгәалҭеит алхратә закәанԥҵара ажәит, аамҭа иақәшәо иҟам ҳәа.

"Ҳара ԥхьаҟа ҳаиҭаҵуеит, азакәанԥҵара акәзар иахьыҟац иҟоуп. Сгәы иаанагоит еилаԥсоу асистемахь аиасра инарҭбааны алацәажәара ахәҭаны иҟоуп ҳәа", иазылыԥхьаӡоит лара.

Нателла Акаԥҳа лгәаанагарала, иахьазы Аԥсны еилаԥсоу алхратә система иазыхиам.

"Ҳара ишахәҭоу еиԥш аус зуа аполитикатә партиақәа ҳамаӡам. Сгәы иаанагоит 15 партиа рыҟазаара акәымкәа 2-3 партиа рыҟазаара азхоны иҟоуп", — лҳәеит лара.

Алхыҩцәа рсиақәа ракәзар, урҭ аханатәгьы ацәажәара цәырызго ракәны иҟоуп.

"Аҭагылазаашьа зхароу Ацентртә алхратә комиссиа акәым, уи зхараны избо аҭыԥантәи амчратә органқәа роуп, дара роуп алхыҩцәа рсиақәа еиқәзыршәо", ҳәа азгәалҭеит Акаԥҳа.

Иара убри аан давымсит иҟаз абзиарақәагьы.

"Сара, Аԥсны атәылауаа реиҳараҩык реиԥш апроцесс ацашьа сашьклаԥшуан. Уажәазы адебатқәа ишахәҭаз еиԥш имҩаԥысуан. Ҳара иҳаман алшара дасу дзеиԥшраз, игәаанагараз абара, адырра", ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Аԥсны Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәа хылаԥшра азыруан наԥшыҩцәак рыҳасабала хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысуаз алхрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0