Ашколи аԥсҭазаареи

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фотосахьа
Архивтә фотосахьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵареи ааӡареи рызҵаатәы еснагь актуалра алан, ахәыҷы деицырааӡоит аҭаацәеи арҵаратә усҳәарҭақәеи, аҭакԥхықәрагьы еицеиҩыршоит. Иахьатәи ашколтә ԥсҭазаара дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Иаҳхысыз ахәашазы, феисбук ахархәаҩцәа ирбеит ушьара уқәзырҟьо авидео. Гагратәи 1-тәи ашкол аҵаҩцәа, рырҵаҩы Маргарита Ҭарԥҳа гәымбылџьбарыла ишлызныҟәо аазырԥшуа. Акырынтә ари аҩыза авидео ҳбахьан егьырҭ атәылақәа рышколхәыҷқәа ирызкны, уажәы ҳара ҳхаҭа ҳахҭыгәлеит ари апроблема.

Ари ахҭыс аҿы иџьашьатәуп, инеибеиԥшны акласс зегьы, ақьаад еиларҟәыҷқәа Маргаита Леонид-иԥха илгәыдызҵо адгылара ахьирҭо. Акласс аҿы дҟамлеит ҵаҩык, "иҟоумҵан" зҳәоз. Абри зегь азымхо, ари ахҭыс ҭыхны авидео аинтернет иҭаҵаны адунеи зегь иадырбеит. Ари иаанагоит, ашколи аҭаацәеи алеишәа аганахь ала ахьысҳара  шрымо.

Апарламент ахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Абга егьа аҿоуҵаргьы, абнахь иԥшуеит мамзаргьы - апротесттә бжьыҭара

Ари авидео анцәырҵ аинформациатә хархәагақа иаразнак ашьҭаҵаара иалагеит. Дук мырҵыкәа аинтеранет аҿы ицәырҵит ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа телефонла аинформациатә маҵзура иалҭаз ахҳәаа. "Избан, ари авидео ауаа изырзымбатәбарахаз?", иџьалшьоит ашкол адиректор. Абраҟа иҵәахуп аҵареи ааӡареи рызҵаатәы.

Ашкол анапхгара иџьаршьозар ари ауаа ахьаршанхаз, нас изџьашьатәузеи ашколхәыҷқәа ас ахьыҟарҵо?! "Ари даара ихҭыс бааԥсуп, ҳашкол азы ихьымӡӷуп" аҭыԥан, ашкол адиректор, акорреспондент иацәажәаразы уамак аамҭа шлымам наҳәаны, аҭел шьҭалҵеит. Насыԥны, Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ари авидео хырҩа азымукәа, аҳәамҭа ҟанаҵеит, "аус шеилдырго, ашкол анапхгареи, аҭаацәеи, аҵаҩцәеи лахь шрыҭахо" азы.

Аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Маргарита Леонид-иԥха анкьатәи лҵаҩцәа ракәзар, иаршанхеит иахьатәи лҵаҩцәа ас ахьыҟарҵаз. "Ари арҵаҩы саргьы рҵаҩыс дсыман, илыцназгогьы маҷуп. Ари ашкол раԥхьа акәны ашәқәа аанартит 1970 шықәса рзы. Раԥхьатәи амш инаркны уаҟа аус луеит Маргарита Леонид-иԥҳа. Сара иахьагьы ақалақь аҿы џьара ҳаиқәшәар сылцәыԥхашьоит, амцхә сызлацәажәом. Зынӡа схаҿы исзаагом абра сыблақәа рыла избаз", — илыҩуеит феисбук адаҟьаҿы занааҭла ирҵаҩу Зарина Коӷониаԥҳа.

Авидео аҿы "фырхаҵа хадас" иҟоу аҵаҩы иакәзар, уаанӡа ашкол дахьҭаз аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи "ихымҩаԥгашьазы вбак имамызт, иани иаби инеимдаа-аимдо ашкол иаҭаауан, ихылаԥшуан" рҳәоит. Нас, иҟалазеи ари ашкол ахь даниас? Избан, инеибеиԥшны акласс зегьы, аиакәым ҟазҵо рҩыза "уаангыл" зиарымҳәаз, изицхраауаз арҵаҩы данылеирҟәуаз?

Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Далырхит – дырхашҭит

Иахьатәи аинтернет гәарабжьара амыцхә иаднахалоит ашколхәыҷқәа, ааӡара апроцесс аҿы акыр ахьысҳара ҟалеит. Ари зеиԥш тенденциоуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, аҭаацәа иагрыжьыз рацәоуп, анаҩсан, ааӡаҩцәа. Ааӡаҩцәа анаҳҳәа, иазгәаҭатәуп, аибашьра ашьҭахь ашкол аҿы ахацәа рхыԥхьаӡара шылаҟәыз, уимоу, иуҳәар ауеит зынӡа имаҷхеит ҳәа. Абацәа ракәзар, шамаха, ааӡаара апроцесс ан илыдрыжьлеит, ашкол аҿгьы ахәыҷқәа аҳәса ирааӡоит. Ажәакала, ахәыҷқәа рааӡара ахацәа рнапы агхеит.

Аибашьра ҟалаанӡа  аҵара ахьысҵоз Кәтолтәи абжьаратә школ аҟны директорс дыҟан ахаҵа, арҵаҩцәа рӷьыракгьы хацәан. Ҳдиректор Пантик Табаӷәуа ашкол аҳәааҿы ицәаара ҳшахьыԥшлак нахыс иаҳдыруан, иаауаз ауаҩы дшеиҳабыз, илеишәагьы акыр ишыџьбараз. Дыџьбаран, аха дагьгәыҭбаан. Аҵаҩцәагьы иагьицәшәон, бзиагьы дырбон. Ажәакала, иахьатәи ахәыҷқәа рааӡара аԥсуа хаҵа инапы агуп. 

Ари амчыбжь азы, авидео аҿы иаабо ахҭыс еилдыргоит Гагра. Хымԥада, ахәыҷқәеи аҭаацәеи аҭамзаара шьҭарҵароуп арҵаҩы лҿаԥхьа, насгьы, акласс рхы иалазырԥшыша ахьырхәра роуроуп. Аха, убри аамҭазы, аметодистцәа ирхамышҭыроуп, 13-14 шықәса ирҭагыло ахәыҷқәа ари ақәара аамҭазы зны-зынла агәымбылџьбарара аадырԥшыр шрылшо, убри аҟынтә, ахьырхәра аус даара амаршәа кны иазнеитәуп.

Ахьырхәра ҟалозар, акласс зеьы ирзеиԥшзароуп, аҷкәын хәыҷ имацара иакәымкәа. Ашкол анапхгареи, акласс напхгаҩи рызҵаатәгьы, ахьаршшара аҭахым. Абарҭқәа зегь еиҿыбааны иазнеитәуп сгәахәуеит абри аус. Ҳхәыҷқәа рхымҩаԥгашьа, адуцәа иаҳхаҿроуп.

Изеицәааӡозеи, иахьатәи  аԥсуа политика ахымҩаԥгашьазы ахәыҷқәа абзиа аганахь иднарбо маҷуп, аамҭа-аамҭала амчра агаразы ҳрыжәлоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, нас, изџьашьатәузеи ашколхәыҷқәа ас ахьыҟарҵо? Илоуҵаз ауп иааурыхуа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0