ААК алхрақәа рзы: ахәышәтәырҭақәеи арратә хәҭақәеи рҟны абжьыҭира ҟалаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәышәтәырҭақәеи арратә хәҭақәеи рҟны абжьыҭира ҟалаӡом
Ахәышәтәырҭақәеи арратә хәҭақәеи рҟны абжьыҭира ҟалаӡом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхра аҩбатәи атур мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 26 рзы, ҳәа аофициалтә дырраҭара ҟанаҵеит ацентртә алхратә комиссиа.

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахәышәтәырҭақәеи арратә хәҭақәеи рҟны абжьыҭира ҟалаӡом аҩбатәи атур амҩаԥгараан ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа аиурист Алмас Агрба.

"2016 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рзы азакәан аԥсахрақәа инарыдҳәаланы, ахәышәтәырҭақәеи арратә хәҭақәеи рҟны абжьыҭира амҩаԥгара аанкылоуп", — иҳәеит Агрба.

Аха иара убри аан, — иҳәеит иара, — ахәышәтәырҭа иҭоу ачымазцәа мамзаргьы арратә хәҭа аррамаҵзурауаа уаанӡа абжьыҭиразы алхратә комиссиа ахантәаҩы ихьӡала арзаҳал рыҩхьазар урҭ ирыҭахоит абжьыҭиразы алшара.

"Арзаҳал аҩраан иазгәаҭатәуп аҳәара зуа дахьҭаҩу алхратә ҭыԥ иаҵанакуазароуп ахәышәтәырҭеи арратә хәҭа аҭыԥи", — иҳәеит иара.

Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Ԥлиа иҳәеит аминистрра абжьыҭира зҭаху аррамаҵзурауаа иарбанызаалак ԥынгылак шрынамҭо.

Иар убри аан иазгәеиҭеит асолдаҭ иаҳҳәап Гәдоуҭа аррамаҵзура дахысуеит, аха Ҷлоу дҭаҩуп. Закәанла ибжьы Ҷлоутәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны иҭиироуп. Иара убри аан ихала иоушьҭра азин ыҟам, аминистрра дарбанызаалак иганахь ала аҭакԥхықәра адуп. Убри азы, иҳәоит Ԥлиа, аррамаҵзура иахысуа хымԥада дымҩаԥызго ауаҩы дицзароуп.

"Ҳара аррамаҵзура иахысуа ҳуаа хыда амҩа иаҳзанҵом. Уаанӡа абжьыҭирақәа мҩаԥаагон Атәылахьчара аминистрраҟны, нас ирырҭо иалагеит аталон ҷыдақәа, асолдаҭцәа ирылшон ааигәа иҟоу алхратә ҭыԥ аҟны абжьыҭира, аха уажәы уигьы аанкылоуп", — иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҭамаз Ҵахнакьиа ахҳәаа аиҭеит алхрақәа актәи ртур амҩаԥысшьа:

"Алхрақәа ҟалаанӡа иарбанызаалак сиак шьақәыҳмыргылеит, алхра амш аҽынгьы ачымазцәа рыбжьы рҭирц азы ахәышәтәырҭахь акәыцҳа-еиҭагақәа аӡәгьы иааимгеит. Ҳара ҳганахь ала иарбанызаалак аԥшьгара адгылара аҳҭон, аха усеиԥш уаҩ дҳаднамгалеит", — иҳәеит Ҵахнакьиа.

Апарламент ахь алхрақәа актәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. Иара аихшьаалақәа рыла 22 алхратә ҭыԥ рҟны имҩаԥгахоит аҩбатәи атур.

Ажәабжьқәа зегьы
0