Аԥснытәи ашколхәыҷқәа аматематикатә олимпиада иалахәын

© Sputnik / Антон Уницын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи ашколхәыҷқәа аматематикатә олимпиада иалахәын
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа аматематикатә олимпиада иалахәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 13-18 рзы Адыгатәи Ареспубликаҟны имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи аолимпиада "Кавказтәи аматематикатә олимпиада". Аиндаҭлара иалахәын 200-ҩык рҟынӡа Алада Урыстәыла арегионқәеи, Аԥсныи, Ермантәылеи рҟынтәи 7-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Хәажәкыра 13-18 рзы Адыгатәи Ареспубликаҟны имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи аолимпиада "Кавказтәи аматематикатә олимпиада". Аиндаҭлара иалахәын 200-ҩык рҟынӡа Алада Урыстәыла арегионқәеи, Аԥснsи, Ермантәылеи рҟынтәи 7-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа жәларбжьаратәи аолимпиада ралахәра ицәырнагоит аматематика Аԥсны еиҳа агәцаракра, азхьаԥшра. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп лҳәеит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аҟазауаҩ хада Сильва Дбарԥҳа аинтервиу ҳаҭо.

"Ҳара ааԥхьара ҳауит Адыгатәылантәи, хаҭала ааԥхьара ҳаиҭеит Адыгатәи аҳәынҭқарратә университет аматематикеи акомпиутортә наукақәеи рфакультет адекан Дуада Мамиа. Аԥсны ахьӡала аолимпиада иалахәхеит бамборатәи ашкол аҵаҩы Валериа Аиԥҳа, Афонҿыцтәи аҵаҩы Леон Ҭарба гагратәи алицеи-интернат аҵаҩы Игор Кәарҷиа, гагратәи ашкол аҵаҩы Антон Кораблин", — лҳәеит Сильва Дбарԥҳа.

Дбарԥҳа лажәақәа рыла ашколхәыҷқәа даара гәахәарыла рҩызцәеи дареи еиныруан.

"Исызҳәом аԥснытәи ахәыҷқәа қәҿиара дук аадырԥшит ҳәа. Аха иазгәаҭатәуп, ҳашколхәыҷқәа иаабац ашколқәа рҟны аҵара шырҵо. Аолимпиада иалахәыз ахәыҷқәа реиҳарак афизика-математикатә школқәа рҟны аҵара рҵоит. Ҳара усеиԥш школ ҳамаӡам. Ус шакәугьы ари абри ахырхарҭала раԥхьатәи шьаҿоуп. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны асеиԥш зыҩаӡара ҳараку аолимпиада иалахәхеит", — лҳәеит Дбарԥҳа.

Хәажәкыра 13-18 рзы Адыгатәи Ареспубликаҟны имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи аолимпиада "Кавказтәи аматематикатә олимпиада". Аолимпиада иалахәын Аԥснытәи ашколхәыҷқәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0