Ҳаџьымба Тҟәарчал араион актив дырԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Тҟәарчал араион актив дырԥылеит.

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Тҟәарчал араион актив дырԥылеит. Аиԥылараҟны иқәгылараан иара иазгәеиҭеит аполитикатә процессқәа рыноурылахара аамҭа рацәа ақәӡит ҳәа.

"Мышк мцац аполитикатә еиҿагылара ҳамамкәа. Сара сзы Апарламент ахь инеилак зегь еиԥшуп. Ихадароу урҭ Аԥсны аинтересқәа рыхьчозароуп, азакәанқәа еиҿыркаауазароуп. Ҳаиҿагылара ибзиоу ахь ҳкылнагом. Уажәшьҭа аангылара, аҽырҭынчра ахәҭоуп. Апарламент ахь инеиуагьы аусуразы инеироуп, амца арцыхцыхраз акәымкәа", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аҩышықәса атәыла аҩныҵҟаиԥш анҭыҵгьы аҭагылазаашьа мариамкәан ишыҟаз, аекономиказы ишхәарҭамыз.

"Урыстәыла имҩаԥысуа апроцессқәа зегьы ҳаргьы анырра ҳарҭоит. Уаҟагьы акыр ауадаҩрақәа шыҟоугьы Урыстәыла ҳацхрааразы иалшо ҟанаҵоит. Ацхыраара шҳауагьы иҟаҵатәу рацәаӡоуп. Аха иахьазы ихадароу ҳара зегьы идҳарбеит ҳхатә малқәа рылагьы анхара ҳалшартә ҳшыҟоу. Урҭ аԥарақәа ҳара аӡәгьы иҳаимҭеит, ҳџьабаала иҳарҳаз роуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит атәыла абиуџьет 2,5 миллиард рҟынтәи 5 миллиард мааҭ рахь ишхалаз. Ҳаџьымба араион ауааԥсыра агәра диргеит атәыла анапхгара цхыраарада ишнырмыжьуа. Убас иналкаан далацәажәеит алимонадтә цех аргылара апроект адгылара шаиуа.

"Ари аԥшьгара адгылара аиуеит. Иацҵахоит арацәа аҵхра аус. Аԥсны иааны иҟан Донецки Лугански рхаҭарнакцәа. Урҭ Тҟәарчалтәи арацәа аинтерес азаадырԥшит. Агәыӷра ҳамоуп апроцесс рҽаладырхәып ҳәа. Ҳара аусура зҭаху зегьы ҳрыцхраалоит", — иҳәеит атәыла Ахада.

Иара убасгьы еизаз ирылеиҳәеит Тҟәарчалтәи ақыҭанхамҩатә џьырмыкьа аремонт азуразы аԥарақәа шыԥшаау.

"Аџьырмыкьа уажә ишыҟоу ааныжьра ҟалом. Сгәы иаанагоит аамҭа рацәак мгакәа аџьармыкьа ишахәҭоу еиԥш иҟалап ҳәа. Аҵак ду амоуп ақалақь ахаҿра аԥсахра", — иҳәеит иара.

Тҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа еизаз раԥхьа дықәгыло илҳәеит аҭыԥантәи абиуџьет 61 процент рыла ишынагӡоу.

"Аулафахәы азы аҳәынҭқарра 100 миллион мааҭ ҳзоурыжьит. Ақалақь амҩақәа 2050 метра ҟаҳҵеит. Иԥсахуп 6650 метра атрубақәа. 37 ҩны рҟны аканализациатә трубақәа ԥсахуп. Владислав Арӡынба ихьӡ зху амҩаду аремонт хыркәшоуп", — лҳәеит лара.

Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла Тҟәарчал 70-шықәса ахыҵра аҽазырхиара ишаҿу. Уи азы иаԥҵоуп аиҿкааратә еилакы. Аныҳәахь ааԥхьара рыҭахоит асасцәа, араион иалҵыз, еицырдыруа ауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0