15 сааҭ рзы Гагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 5288-ҩык алхыҩцәа

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 5288-ҩык алхыҩцәа
Гагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 5288-ҩык алхыҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
15 сааҭ рзы, Гагра араион алхырҭатә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны рыбжьы рҭихьеит 17 289-ҩык рахьтә 5 288-ҩык алхыҩцәа.

ГАГРА, хәажәкыра 26 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны, сиала рыбжьы рҭираны иҟоуп 17289-ҩык алхыҩцәа, 15 сааҭынӡа, абжьыҭира инехьоу иреиуоуп 5288-ҩык.

Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа аҩбатәи ртур раԥхьатәи аихшьаалақәа

Алхратә ҭыԥ хадақәа ркомиссиақәа рхантәаҩцәа разгәаҭарақәа рыла, аилагарақәа арбаӡам, Акандидатцәа рҟынтә анаԥшыҩцәа ракәзаргьы агәынамӡарақәа аадмырԥшӡацт.

Абжьыҭира инеиуа ауаажәлар, ргәалаҟазаара бзиоуп, рыбжьара аимак-аиҿак ыҟам.

"Ҳара ҩаԥхьа абжьыҭирахь ҳааит. Агәра ҳгоит, иахьатәи амш дшалнакаауа аиааира зго акандитат. Изаҳӡарызеи, ауаажәлар ргәы ԥҵәеит алхрақәа рахь анеира, аха уеизгьы ибзианы еилыркаауеит, дара рыбжьы ишабзоурахо, аԥсадгьыл аԥеиԥш. Ҳара ҳалхратә ҭыԥ аҟнытә адепутатрахь иалххо, иганахь иааҳарԥшуа агәрагара ҳахьимырхәааит", — лҳәеит Пицундатәи 9-тәи алхратә ҭыԥ хада 3-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны зыбжьы зҭииз Ҭина Ҷанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0