Алхрақәа аҩбатәи ртур аан алхыҩцәа рааира еиҳа еиҳахеит актәи атур аан аасҭа

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥысра иаҿуп
Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥысра иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥысра иаҿуп. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла уажәы алхыҩцәа бжьыҭира рааира еиҳа еиҳауп актәи атур аан асҭа. Sputnik адыррақәа рыла асааҭ 18: 00 рзы рыбжьы рҭихьеит:

Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥысра иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур: 43,6% алхыҩцәа рыбжьы рҭихьеит

Гал араион — 63,6%. Очамчыра араион – 60,7%. Гәдоуҭа араион — 58,8%. Аҟәа араион — 54,7%. Гәылрыԥшь араион — 50,6%. Тҟәарчал араион — 50,4%. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны рыбжьы рҭихьеит 46,7%. Гагра араион аҟны — 39,3%. Гагра ақалақь аҟны — 30,6%.

Алхыҩ Григори Саакиан иҳәеит абжьыҭира иуалԥшьаны дшахәаԥшуа.

"Ари сара сзин ауп. Исҭахуп Аԥсны ԥхьаҟа аҿиара аиурц. Иаԥсоу алаҳхыр усеиԥш иагьыҟалоит", — иҳәеит иара.

Алхыҩ Ҳаџьараҭ Шамба иҳәеит алхрақәа ламысцқьала имҩаԥгахар зегьы ишрыцкхо.

"Аоппонентцәа рыбжьара аилибакаара ыҟазароуп. Алхрақәа ииасуеит, ҳара зегьы ара ҳанхоит. Ҳаизыҟазаашьақәа бзиазароуп", — иҳәеит иара.

Алхырҭатә ҭыԥқәа аркхоит асааҭ 20:00 рзы.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа актәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡан 50% + 1 бжьы зауз акандидат.

Ажәабжьқәа зегьы
0