Алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшахеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшахеит
Алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥқәа адыркит асааҭ 20.00 рзы. Шьыжьнаҵы абжьыҭира инеиуаз рхыԥхьаӡара акыр имаҷын, аха ашьыбжьынахыс аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит. Иааиуаз рацәахо иалагеит. Асааҭ 18.00 рзы зыбжьы зҭииз рхыԥхьаӡара 53,05% артәеит.

Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥысра иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа аҩбатәи ртур аан алхыҩцәа рааира еиҳа еиҳахеит актәи атур аан аасҭа

Гал араион — 63,6%. Очамчыра араион — 60,7%. Гәдоуҭа араион — 58,8%.

Актәи атур аан адепутатрахь иалхын жәаҩаҩык акандидатцәа. Аиҭалхра мҩаԥгахар акәхеит 22 алхратә ҭыԥ рҟны.

Абжьыҭира изымнеиуаз рыҩныҟақәа рахь инеиит алхратә комиссиақәа рхаҭарнакцәа. Убас, Аҟәатәи алхырҭатә округа № 7 акомиссиа алахәылацәа зцу акәыцҳа-еиҭага аиарҭа иамоу ма згәабзиара уашәшәыроу ауаа рыҩныҟақәа рахь инаргеит. Алхырҭатә ҭыԥ №1 акомиссиа ахантәаҩы Ламзира Шьынқәырԥҳа лажәақәа рыла усеиԥш 27-ҩык ауаа ыҟоуп ралхратә ҭыԥ иахьаҵанакуа.

"Арҭ ауаа абжьыҭирахь ааира рылшо иҟам. Ҳара дара рҭахра инақәыршәаны рыҩныҟақәа рахь ҳнеиит", — лҳәеит лара.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0