Скворцов: алагер "Апатриот қәыԥш" Аԥсны итрадициахо иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә лагер "Апатриот қәыԥш" иазку апресс-конференциа
Жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә лагер Апатриот қәыԥш иазку апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи ахәыҷқәа жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә лагер "Апатриот қәыԥш" аҟны мчыбжьык еицырхыргоит.

АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи ҩынажәаҩык ахәыҷқәа Пицунда имҩаԥысуа ахԥатәи жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә лагер "Апатриот қәыԥш" аҟны мчыбжьык еицырхыргоит. Абри атәы апресс-конференциаҟны иҳәеит алагер адиректор Григори Скворцов.

"Алагер амҩаԥысра традициахо иалагеит. Аҭагылазаашьа даара ишьахәуп. Ҳара хықәкы хаданы иҳамоу ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи еизааигәаны реибардырра, реинырра ауп. Уи адагьы иаҳҭахуп урыстәылатәи ахәыҷқәа Аԥсны акультура, атрадициақәа, ақьабызқәа рырбара, рзеиҭаҳәара", — иҳәеит иара.

Москватәи ашкол № 460 адиректор ихаҭыԥуаҩ Татиана Трушина иазылыԥхьаӡоит ари апроект ахәыҷқәа иднарбоит ҳәа адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа, акультуратә процессқәа рымҩаԥысшьа.

"Арахь ҳахьааиз ҳара иаабеит аҽа культурак. Ахәыҷқәагьы иазгәарҭеит аратәи ауаа рзы иҷыдароу асасдкылара, аартра, ареспубликахь дарбанызаалак имоу апатриотизмра", — лҳәеит лара.

Ахԥатәи жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә лагер "Апатриот қәыԥш" аус ауеит хәажәкыра 23-30 рзы. Иара иалахәуп Карелиа, Москва, Аԥсны рҟынтәи ашколхәыҷқәа. Имҩаԥысуеит астол гьыжьқәа, аконференциақәа. Актәии аҩбатәии алагерқәа ирылахәын Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҟарачы-Черқьесск, Подмосковие рҟынтәи ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0