"Икоммерциатәуи" "икоммерциатәыми" аидара закәу шьақәнаргылон Аминистрцәа Реилазаара

© Sputnik Томас ТхайцукАҳәаа
Аҳәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, хәажәкыра 30 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ахатәхаҿқәа икоммерциатәым ахықәкқәа рзы атауар аҳәаа ишахыргашаз аԥҟарақәа шьақәдыргылон хәажәкыра 30 рзы имҩаԥысуаз аилатәараҟны Аминистрцәа Реилазаара.

Аминистрцәа Реилазаара азиндырратә ҟәша аиҳабы Лаша Цаава ишиҳәаз ала адокумент адкылара азыԥхьагәанаҭоит Аԥсны Аҳазалхратә кодекс.

"Иҳадаҳкыло адокумент ԥкыра ҳәа ҟанаҵаӡом. Иара иахықәкы хаданы иҟоу ҳтәылауаа ринтересқәеи рзинқәеи рыхьчароуп. Абри аҩыза адокумент аҟамзаара иахҟьаны аҳәааҟны аимак-аиҿак ҟалар алшон, избанзар ишьақәыргылатәын аҳәаа иахырго атауар коммерциатәу икоммерциатәыму", — иҳәеит иара.

Аԥыза-министр Беслан Барцыц иазгәеиҭеит, адокумент ззырхо ахылаԥшра ҟазҵо аорганқәа рхаԥашәала атауар коммерциатәуп мамзаргьы икоммерциатәым ҳәа ишьақәыдмырӷәӷәаларц шакәу.

"Аҳәаа зхазы атауар ахызгогьы идыруа дҟалоит итауар азы ашәахтә шимшәаша. Адокумент даара зыдкылара ахәҭаны иҟаз акакәын. Уажәшьҭа ицәырҵыр зылшо азҵаарақәа зегьы рҭак ҟазҵаша ашәҟәы ыҟоуп", — иҳәеит иара.

Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала ақәҵара аусура иалагоит 2017 шықәса лаҵарамза 1 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0