Ашколхәыҷқәа Кавказ азы аибашьра аҭоурых рзеиҭарҳәеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаАшколхәыҷқәа Кавказ азы аибашьра аҭоурых рзеиҭарҳәеит
Ашколхәыҷқәа Кавказ азы аибашьра аҭоурых рзеиҭарҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса рзы 75 шықәса ҵуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа реиҳа ишьаарҵәыроу адаҟьақәа – Кавказ азы аибашьра иалагеижьҭеит.

АҞӘА, мшаԥымза 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Раԥхьатәи анемец солдаҭ аԥсуа дгьыл ишьапы ықәиргылеит 1942 шықәса нанҳәа 14 рзы. Иара абри амш аҽны, 50 шықәса ааҵуаны иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра, иҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ, аҭоурыхдырыҩ Николаи Медвенски ашколхәыҷқәа данырԥылоз.

"Клыхәратәи ашьхахыҵырҭа аҟынтәи анемеццәа х-хырхарҭак рыла Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы ицәырҵны Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа ақалақьқәа аанкыланы Қырҭтәылаҟа ицәырҵны ҭырқәтәылатәи агәыԥқәа рыҽрымадара рхықәкын", — иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла анемец рыр ирхықәкы хаданы иҟаз Бақәеи Грозныи ақалақьқәа рҟны анефҭхыҵхырҭақәа ракәын.

Николаи Медвенски ашколхәыҷқәа дыдирдырит Нина Малышева. Лара уаанӡа аҭоурых-патриоттә кружок "Красные следопыты" напхгара алҭон. Лара лнапхгарала аԥшааратә отриад ихацнаркит Кавказ азы аибашьра алахәылацәа рыԥшаара 1985 шықәса рзы.

"Аиааира 40 шықәса ахыҵра аламҭалазы иҟаҳҵари ҳәа ҳхәыцуан. Акыр ҳанхәыц ашьҭахь иҳаӡбеит Кавказтәи ашьхақәа рҟны аибашьра иалахәыз ҳаԥшаарц — еиҭалҳәеит Малышева.– Ҳара зегьы зыԥсы ҭаны инхаз аибашьцәа рыԥшаара ҳаҿын. Иахьатәи аамҭазы зегь мариоуп, аха усҟан асовет ԥошьҭа мацара акәын аус зуаз. Шәкыла асаламшәҟәқәа ааҩит". Ирыԥшааит 70-ҩык. Аиԥыларахь аара рылшеит 40-ҩык.

Нина Малышева лажәақәа рыла аҿар ирдыруазароуп Санчаратәи акаҵәараҟны гәышԥыла аӷа иҿагылаз ауаа рыхьӡқәа. Ашколхәыҷқәа идырбан Аԥсны ашьхақәа рҟны имҩаԥысуаз аибашьра акадырқәа, ирзеиҭаҳәан еиуеиԥшым аҭоурыхқәа.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Беиаԥҳа: ихацҳаркуеит Кавказ ахьчара 75-шықәса ахыҵра иазку аиԥыларақәа рцикл

"Шәара шәабдуцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалахәын. Асовет ар интернационал арын. Аԥсуаагьы аибашьра афронтқәа зегьы ирылахәын", иҳәоит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ, аҭоурыхдырыҩ Николаи Медвенски.

Иара иазгәеиҭеит аԥсуаа фырхаҵарыла рхы шымҩаԥыргоз.

Иара ишиҳәаз ала Қарҭтәи арра-шьаҟатә ҵараиурҭа акурсантцәа 2500-ҩык рҟынтәи Санчаратәи аиҿагыларақәа рышьҭахь шәҩы-заҵәык роуп зыԥсы ҭаны ихынҳәыз.

2017 шықәса рзы 75 шықәса ҵуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа реиҳа ишьаарҵәыроу адаҟьақәа – Кавказ азы аибашьра иалагеижьҭеит.

1942 шықәса нанҳәамза инаркны 1943 шықәса ажьырныҳәамзанӡа Санчара, Марыхә, Клыхәра акаҵәарақәа рҟны ицон аибашьра ӷәӷәаӡа.

Анемеццәа х-хырхарҭак рыла Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы ицәырҵны Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа ақалақьқәа аанкыланы Қырҭтәылаҟа ицәырҵны ҭырқәтәылатәи агәыԥқәа рыҽрымадара рхықәкын.

Ажәабжьқәа зегьы
0