Ҭыжәба: ҳкоманда аҳәаанырцә ихәмаруа ҳшьапылампыласыҩцәа рыла ихарҭәаатәуп

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраConIFA аверсиала адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 4-11 рзы Аҩадатәи Кипр.
ConIFA аверсиала адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 4-11 рзы Аҩадатәи Кипр. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA аверсиала адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 4-11 рзы Аҩадатәи Кипр.

АҞӘА, мшаԥымза 5 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Адунеи ачемпионат аҟны ахәмарразы ҳкоманда аҳәаанырцә ихәмаруа ҳшьапылампыласыҩцәа рыла ихарҭәаатәуп, ҳәа иԥхьаӡоит аексперт Вианор Ҭыжәба.

"Аԥсны Ачемпионат аҟны сызхәаԥшыз ахәмаррақәа рыла избеит ҳшьапылампыласыҩцәа зегьы иахәҭоу аҩаӡара шрымам. Сгәы иаанагоит азыҟаҵаҩцәа иреиӷьқәоу алрыԥшаап ҳәа. Сара иазысыԥхьаӡоит ҳкоманда арӷәӷәаразы аҳәаанырцә ихәмаруа ҳшьапылампыласыҩцәа ааԥхьатәуп ҳәа", — иҳәеит Ҭыжәба.

Ҵыԥхтәи ConIFA адунеи Ачемпионат аҟны Аԥсны аиааира азаазгаз Алексеи Бондаренко атурнир ихы изаламырхәуазар уи дыԥсаххоит аҽа хәмарҩык ила, ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.

"Аҟәатәи аклуб "Нарҭ" аҟны ихәмаруа амбахьчаҩ Кацба илшарақәа ҵоуроуп. Дыҟоуп иара убасгьы узықәгәыӷша, гәдоуҭатәи акоманда амбахьчаҩ Шьерба", — иҳәеит аексперт.

ConIFA аверсиала Европа ачемпионат иалахәхоит: Паданиа, Аҩадатәи Кипр, Секеитәи атәылаҿацә, Лапландиа, адгьылбжьаха Мен, Ницца еизгоу акоманда иара убас Окситаниа.

Абжьыҭира иалахәын 40—ҩык ConIFA алахәылацәа. ConIFA еиднакылоит FIFA официалла иалахәым атәылақәеи автономиақәеи ркомандақәа. Иааидкылан урҭ ҩеижәихәба команда ыҟоуп. 2016 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысит ConIFA аверсиала Адунеи ачемпионат.

Ажәабжьқәа зегьы
0