Москва аиҳабыра аԥснытәи аинвалидцәа рзы амедицинатә цхыраагӡақәа аарышьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукАинвалидцәа рзы амедицинатә цхыраагӡақәа
Аинвалидцәа рзы амедицинатә цхыраагӡақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва аиҳабыра рыцхыраарала аԥснытәи аинвалидцәа рзы миллион мааҭ рыхә амедицинатә цхыраагӡақәа аахәан.

АҞӘА, мшаԥымза 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Москва аиҳабыра асубсидиақәа рҳәаа иҭагӡаны аԥснытәи аинвалидцәа рзы амедицинатә цхыраагӡақәа аахәаны иаарышьҭит, ҳәа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аинформациатә ҟәша аусзуҩы Диана Занҭариаԥҳа.

"Москва аиҳабыра аҳәаанырцә иҟоу рџьынџьуаа рыцхырааразы ирзоурышьҭуа асубсидиақәа рҳәаа иҭагӡаны еиҭашьақәдыргылоит абаҟақәа, ауахәамақәа ацхыраара рырҭоит, ирыцхраауеит ихымхәацәоу ауаа, аинвалидцәа", — лҳәеит лара.

"Аԥснытәи аинвалидцәа рзы иаахәан еиуеиԥшым ацхыраагӡақәа: аԥшьҵаргәақәа, аколиаскақәа, аҭаныҟәагақәа. Урҭ Агәабзиарахьчара аминистррахь ирыҭан аихшаразы", — лҳәеит Занҭариаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0