Аԥснытәи абитуриентцәа Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Академиа иҭалеит

© Sputnik Томас ТхайцукАГУ
АГУ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥышәарақәа хԥеи аԥсихологиатә тести ирхысны Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Академиа иҭалеит жәҩык Аԥснытәи абитуриентцәа.

АҞӘА, мшаԥымза 7 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥышәарақәа хԥеи аԥсихологиатә тести ирхысны Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Академиа иҭалеит жәҩык Аԥснытәи абитуриентцәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра жәларбжьаратәи аусеицуреи азини рыҟәша аҟаза Лана Коӷониаԥҳа.

"Ахашаҽны имҩаԥысит аҵыхәтәантәи аԥышәара. Абитуриентцәа физиказ аԥышәара рҭиит. Уаанӡа аурыс бызшәеи аматематикеи рзы аҩыратә ԥышәарақәа рҭихьан. Иара убасгьы аԥсихологиатә тест иахысхьан", — лҳәеит Коӷониаԥҳа.

Аминистрра аусзуҩ лажәақәа рыла аԥышәарақәа ирыдыԥхьалан Аҵара аминистрра аусзуҩцәа.

"Аԥышәарақәа мҩаԥысуеит ишьақәыргылоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны. Аԥышәарақәа рыдыркылоит ареспублика Аҵара аминистрра аҟазауаа. Аԥсихологиатә тест акәзар имҩаԥызго Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа ирыдыркылоит", — лҳәеит лара.

Лана Коӷониаԥҳа иазгәалҭеит Аԥсны АҶА аус шрыцнауа Урыстәыла АҶА асистема иаҵанакуа Академиақәа ҩба: Аҳәынҭқарратә амцарцәаратә маҵзура Академиеи аграждантә хьчара Академиеи. Дара рыҩбагьы Москва иҟоуп.

Уажәтәи аԥышәарақәа раан аконкурс рацәак идумызт: жәҩык рҭыԥ аҟны жәеизаҩык ыҟан.

Иахьатәи аамҭазы абри ахырхарҭала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны аҵара рҵоит 35-ҩык Аԥснытәи астудентцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра есышықәса Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь ирышьҭуеит акурсантцәа 2010 шықәса жәабранмзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны. Абри аамҭала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирылган ареспубликахь ихынҳәхьеит 16-ҩык азанааҭуаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0