"Бернарда Альба лыҩны": аиспантә драма аԥсуа сценаҟны

© Sputnik / Томас Ҭҳаиҵыкә"Бернарда Альба лыҩны"
Бернарда Альба лыҩны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны, мшаԥымза 11 рзы ахәаҧшцәа ирыдгалахоит аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса "Бернарда Альба лыҩны" иалху аспектакль. Апремиера аҽазыҟаҵара шымҩаԥсыуаз еилылкаауан Sputnik акорреспондент.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

"Аӡӷабцәа шәазыҟаҵоума?", "шәымаҭәақәа уанҭоума?", "шәааи асценахь", "ҳалагоит", абасала адраматә театр асценаҟны арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лыбжьы гоит, актрисацәа адҵақәа рылҭоит, даргьы ррольқәа ргәаладыршәоит, рхаҿсахьақәа рҽагәыларгалоит. Аҳәса мацара злаху аспектакль "Бернарда Альба лыҩны" аҽазыҟаҵарақәа цоижьҭеи ҩымз ҵуеит. 

Аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса "Бернарда Альба лыҩны" иаанырԥшуеит аԥсҭазаараҟны иуԥыло ани аԥҳацәеи реизыҟазаашьақәа. Зыԥшәма дзыԥхаз Бернарда, лыҩны алахьеиқәҵара ыҟоуп, лыԥҳацәа хә-ҩык ашәы ршәылҵеит, адәыхьгьы идәылҵыр луӡом. Лыԥҳа еиҳабы Ангустиас лоуп алшара змоу ари аҩнаҭа аҩныҵра, хаҵа ацара. Аха рыцхарас иҟалаз бзиа илбо арԥыс Пепе аеҳәшьцәа зегьы бзиа деицырбоит.

Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лажәақәа рыла, лара, аҳәса рымацара рзыҳәан акәӡам изышьҭылхаз ари атема, апиеса иаанарԥшуеит аҭаацәа реизыҟазаашьа.

"Апиесаҿы рыӡбахә ҳәоуп хацәада иаанхаз аҳәса. Раб дыԥсоит, аҩны иахагылоу ан лоуп, хә-ҩык аԥҳацәа лымоуп. Хаҵацара иамоу акәамаҵамарақәа ашьҭыхра ахьрыламшо аҟынтә, аҭаацәара реиҳабы хаҵа дызцаӡом. Амала, ран аԥара шлымам, ишлыламшо лыԥҳацәа ирыхәҭо аҟаҵара агәылацәа идлырбаӡом. Уҳәан-сҳәан дакны дамоу, дԥагьаӡа дыҟоуп. Ари аҩымҭа камедиаӡам, ари драмоуп. Аԥсуаа ҳзын ари апиеса даара ҳархәыцратә иҟоуп", — ҳәа лҳәеит арежиссиор.

Ақәыргыламҭаҿы ахаҿсахьақәа жәаба роуп иҟоу, дара зегьы ҳәсақәоуп.

"Актрисацәа зегьы рхаҿсахьақәа ибзианы ирыдыркылт, доусы рхатә хықәкы бзианы инарыгӡоит", ҳәа азгәалҭеит Аргәынԥҳа.

Бернарда Альба лроль налыгӡоит Аԥсны Жәлар рартистка Изольда Арухааԥҳа. Лара лзы ари ароль анагӡара иҭакԥхықәроуп. 

"Аччареи, аҵәыуареи, агәырҩеи ацуп ароль. Зны дҟәымшәышәуп, аха еиҳарак аџьбара лныԥшуеит Бернарда. Лыԥҳацәа рхымҩаԥгашьа шылгәамԥхогьы, ихалыршааауеит. Аԥсҭазаараҟны иахьагьы ус иҟоуп. Агхақәа шаҳбогьы акгьы рамҳәакәа ироуҳажьуеит", — ҳәа лҳәеит Арухааԥҳа.

Арольқәа рнаҩсан иазгәаҭатәуп адекорациақәа ҳаракыла ишеиҿкаау. Аԥшшәқәа рыла ианыубаалоит аҩны агәырҩа шыҩноу, аччареи алахҿыхреи шагу. Адашьма ырнааны иҟаҵоуп, аныҟәара маншәаламкәан, аԥенџьырқәеи ашәқәеи ракәзар – икнаҳауп. 

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАспектакль асиужет излаҳәо ала Бернарда Альба лыԥшәма даныԥслак аҩнаҭаҟны аӡәгьы азин имам аччараз, агәырӷьараз. Бернарда лгәырҩеи, лхьааи, лыгхақәеи зегьы лчҳауеит лыҩны ахылаԥшҩы Понсиа
Аспектакль асиужет излаҳәо ала Бернарда Альба лыԥшәма даныԥслак аҩнаҭаҟны аӡәгьы азин имам аччараз, агәырӷьараз. Бернарда лгәырҩеи, лхьааи, лыгхақәеи зегьы лчҳауеит  лыҩны ахылаԥшҩы Понсиа - Sputnik Аҧсны
1/5
Аспектакль асиужет излаҳәо ала Бернарда Альба лыԥшәма даныԥслак аҩнаҭаҟны аӡәгьы азин имам аччараз, агәырӷьараз. Бернарда лгәырҩеи, лхьааи, лыгхақәеи зегьы лчҳауеит лыҩны ахылаԥшҩы Понсиа
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса "Бернарда Альба лыҩны" иаанырԥшуеит аԥсҭазаараҟны иуԥыло ани аԥҳацәеи реизыҟазаашьақәа
Аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса Бернарда Альба лыҩны иаанырԥшуеит аԥсҭазаараҟны иуԥыло ани аԥҳацәеи реизыҟазаашьақәа - Sputnik Аҧсны
2/5
Аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса "Бернарда Альба лыҩны" иаанырԥшуеит аԥсҭазаараҟны иуԥыло ани аԥҳацәеи реизыҟазаашьақәа
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАрежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лажәақәа рыла, лара, аҳәса рымацара рзыҳәан акәӡам изышьҭылхаз ари атема, апиеса иаанырԥшует аҭаацәа реизыҟазаашьа
Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лажәақәа рыла, лара, аҳәса рымацара рзыҳәан акәӡам изышьҭылхаз ари атема, апиеса иаанырԥшует аҭаацәа реизыҟазаашьа - Sputnik Аҧсны
3/5
Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лажәақәа рыла, лара, аҳәса рымацара рзыҳәан акәӡам изышьҭылхаз ари атема, апиеса иаанырԥшует аҭаацәа реизыҟазаашьа
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәЗыԥшәма дзыԥхаз Бернарда, лыҩны алахьеиқәҵара ыҟоуп, лыԥҳацәа хә-ҩык ашәы ршәылҵеит, адәыхьгьы идәылҵыр луӡом. Лыԥҳа еиҳабы Ангустиас лоуп алшара змоу ари аҩнаҭа аҩныҵра, хаҵа ацараАқәыргыламҭаҿы- ахаҿсахьақәа жәаба роуп иҟоу, дара зегьы ҳәсақәоуп. «Актрисацәа зегьы рхаҿсахьақәа ибзианы ирыдыркалт, доусы рхатә хықәкы бзианы инарыгӡоит», ҳәа азгәалҭеит арежиссер Аргәынԥҳа
Зыԥшәма дзыԥхаз Бернарда, лыҩны алахьеиқәҵара ыҟоуп, лыԥҳацәа хә-ҩык ашәы ршәылҵеит, адәыхьгьы идәылҵыр луӡом. Лыԥҳа еиҳабы Ангустиас лоуп алшара змоу ари аҩнаҭа аҩныҵра, хаҵа ацара - Sputnik Аҧсны
4/5
Зыԥшәма дзыԥхаз Бернарда, лыҩны алахьеиқәҵара ыҟоуп, лыԥҳацәа хә-ҩык ашәы ршәылҵеит, адәыхьгьы идәылҵыр луӡом. Лыԥҳа еиҳабы Ангустиас лоуп алшара змоу ари аҩнаҭа аҩныҵра, хаҵа ацараАқәыргыламҭаҿы- ахаҿсахьақәа жәаба роуп иҟоу, дара зегьы ҳәсақәоуп. «Актрисацәа зегьы рхаҿсахьақәа ибзианы ирыдыркалт, доусы рхатә хықәкы бзианы инарыгӡоит», ҳәа азгәалҭеит арежиссер Аргәынԥҳа
© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАпремиера мҩаԥысуеит аҩаша мшаԥымза 11 асааҭ 19:00 рзы
Апремиера мҩаԥысуеит аҩаша мшаԥымза 11 асааҭ 19:00 рзы - Sputnik Аҧсны
5/5
Апремиера мҩаԥысуеит аҩаша мшаԥымза 11 асааҭ 19:00 рзы
1/5
Аспектакль асиужет излаҳәо ала Бернарда Альба лыԥшәма даныԥслак аҩнаҭаҟны аӡәгьы азин имам аччараз, агәырӷьараз. Бернарда лгәырҩеи, лхьааи, лыгхақәеи зегьы лчҳауеит лыҩны ахылаԥшҩы Понсиа
2/5
Аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса "Бернарда Альба лыҩны" иаанырԥшуеит аԥсҭазаараҟны иуԥыло ани аԥҳацәеи реизыҟазаашьақәа
3/5
Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лажәақәа рыла, лара, аҳәса рымацара рзыҳәан акәӡам изышьҭылхаз ари атема, апиеса иаанырԥшует аҭаацәа реизыҟазаашьа
4/5
Зыԥшәма дзыԥхаз Бернарда, лыҩны алахьеиқәҵара ыҟоуп, лыԥҳацәа хә-ҩык ашәы ршәылҵеит, адәыхьгьы идәылҵыр луӡом. Лыԥҳа еиҳабы Ангустиас лоуп алшара змоу ари аҩнаҭа аҩныҵра, хаҵа ацараАқәыргыламҭаҿы- ахаҿсахьақәа жәаба роуп иҟоу, дара зегьы ҳәсақәоуп. «Актрисацәа зегьы рхаҿсахьақәа ибзианы ирыдыркалт, доусы рхатә хықәкы бзианы инарыгӡоит», ҳәа азгәалҭеит арежиссер Аргәынԥҳа
5/5
Апремиера мҩаԥысуеит аҩаша мшаԥымза 11 асааҭ 19:00 рзы

"Асахьаҭыхҩы Витали Кацәбеи сареи ҳаидтәаланы иҳаӡбеит арҭ адекорациақәа. Абасала иаҳбоит "Бернарда Альба лыҩны" атмосфера шыҟоу", — ҳәа лҳәеит Мадина Аргәынԥҳа.

Ихадоу Бернарда Альба лхаҿсахьа налыгӡоит Аԥсны Жәлар рартистка Изольда Арухааԥҳа. Аҩны ахылаԥшҩы Понсиа лхаҿсахьа налыгӡоит Ирина Коӷониаԥҳа, Бернарда лан Мариа Хосефа лроль налыгӡоит Тома Аҩӡԥҳа, аԥҳацәа рроль нарыгӡоит Циала Инаԥшьԥҳа, Кристина Цымцԥҳа, Гәында Ажьиԥҳа, Есма Кәыҵниаԥҳа, Ашьна Ҳагԥҳа. 

Апремиера мҩаԥысуеит аҩаша мшаԥымза 11 асааҭ 19:00 рзы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0