Азыҟаҵаҩ: аспортзал ахь Миунхгаузен еиԥш шәхы нажәгала

© Fotolia / GstockstudioАбаҩрҵәыра
Абаҩрҵәыра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәабзиара зҩыда, адиета, абаҩрҵәыра, аусура – ишԥеилагӡатәу арҭ зегьы? Абри атәы далацәажәеит абаҩрҵәыраз аметодист Арзадин Агрба.

Sputnik, Владимир Бегунов

Арзадин Агрба иажәақәа рыла, адиетақәеи ахәшәқәеи уаарҟәаҵны ухы бзиа иубо уазыҟазароуп.

"Еиуеиԥшым ачымазаратә аамҭақәа раан ахәшәқәа рыдкылара аасҭа ирацәаны абааӡа ужәыр еиҳа ихәарҭоуп", ҳәа еиҭеиҳәоит Агрба.

Арзадин Агрба адиета далацәажәо иазгәеиҭоит аамҭа-аамҭала, маҷ-маҷ акруфалар еиҳа иузеиӷьуп ҳәа. Иара убри аан ауҭраҭыхи ашәыри даара ихәарҭоуп, аха абаҩрҵәыра ада урҭгьы азхоны иҟам.

"Шәцәеи-шәжьи шәырзыӡырыҩлла, шәрызхьаԥшла. Урҭ ишәырҭоит адырра. Аусура ашьҭахь ҳамҭак акәзаргьы шьапыла анеиааира шәылшәырша, аамҭа азышәыԥшаа", — иҳәоит аметодист.

Иара иажәақәа рыла ес-ҽны х-километрак ирыдымзаргьы аныҟәара аҭахуп.

Иара даара ихәарҭоу баҩрҵәыратә комплексны дахцәажәоит Пилатес асистема. Пилатес – мызкы ахы аҵыхәа иҟауҵо, 12-18 ҭаалым зҵазкуа системоуп.

Пилатес аҩны амҩаԥгаразы рацәак аҭахны иҟаӡам. Иара аинтернет авидеоқәа рҟны иуԥшаар алшоит. Мшы-цыԥхьаӡа ажьышәқәа ирықәло ахьанҭара иацҵалатәуп.

"Мызкы иузычҳар, ацәеижь ашьцылоит. Мышкы аҭаалым ҟаумҵар амуагьы аҽеиҭанакуеит. Ҭахрак еиԥшхоит. Аҩны абаҩрҵәыра аҟаҵара еснагь шәгәы шәзақәымкуазар, Миунхгаузен иеиԥш мчыла аҩны шәхы дәылыжәга", — иҳәоит Агрба.

Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла ааԥын акурорттә сезон аҽазырхиара иаамҭоуп.

Ашықәс аамҭақәа рҽыԥсахра ауаҩы иԥсихологиатә ҭагылазаашьагьы анырра анаҭоит. Аԥсихолог Фергана Мехмангызы Sputnik Азербаиџьан аинтервиу аҭо еиҭалҳәон ауаа реиҳараҩык аамҭақәа реиҭасра анырра ду рнаҭоит ҳәа. Еиҳа ирацәахоит адепрессиақәа, ашәа-ӡыӡара.

Арзадин Агрба Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Уи еиҳарак изыхҟьо ауаҩы иҭагылазаашьа абиологиатә факторқәа иахьрыдҳәало ауп — лҳәоит Мехмангызы. – Аамҭа аҽаԥсахцԥхьаӡа ауаҩы ицәеижь уи аҽарнааларц аҽазнакуеит. Џьоукы-џьоукы рбиологиатә сааҭ аҭагылазаашьақәа рықәшәара ацәыуадаҩуп".

Ааԥынтәи адепрессиа авитаминоз, ашьамаҷра ирыхҟьозаргьы ауеит. Ааԥынтәи адепрессиа аҽацәыхьчара алзыршо ҳәа иҟоу ацәа ҭынч, акрыфара барақьаҭ, аҳауа цқьаҟны аҟазаара, аспорт роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0