Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Аԥснгьы далырхуан

© Sputnik Амра АмичбаАахыҵ Уаԥстәыла Ахада Аԥснгьы далырхуан
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Аԥснгьы далырхуан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны иаартын алхырҭатә ҭыԥ № 76.

АҞӘА, мшаԥымза 10 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ареферендуми Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иалхреи рзы Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны иаартын алхырҭатә ҭыԥ. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Иара иажәақәа рыла алхырҭатә ҭыԥ аадыртит ашьыжь, асааҭ ааба рзы алхратә комиссиа алахәылацәа фҩыки акандидатцәа рҟынтәи анаԥшыҩцәа ҩыџьеи алархәны.

"Алхрақәа маншәаланы имҩаԥысит. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟагьы ус ицалап ҳәа", — иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны ауаԥсцәа ӡәырҩык шынхо, аха урҭ зегьы Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаҩра шрымам.

"Аԥсны ауаԥсцәа маҷымкәа инхоит, аха урҭ зегьы Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаҩра рымам. Алхрақәа рхы рыладырхәыр алшоит Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа мацара", — иҳәоит Боциев.

Алхрақәа рхы рыладырхәраны иҟоуп 50-ҩык рҟынӡа.

"Алхрақәа раан анаԥшыҩцәас ҳәа иҟалар алшоит акандидатцәа рхаҭарнакцәа реиԥш Аахыҵ-Уаԥстәыла иҟоу апартиақәа рхаҭарнакцәагьы", — иҳәеит Боциев.

Иара убасгьы абри амш аҽны имҩаԥган ареферендум – Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых хьӡы Аланиа азырхынҳәразы.

"Абри амш аҽны имҩаԥган ареферендум, ареспублика аҭоурых хьӡы азырхынҳәразы. Азҵаара абасеиԥш иқәгылоуп: "Шәақәшаҳаҭума Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа актәи ахәҭаҷ аԥсахра алагалара абри аредакциала: Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла –Аланиа, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рхатәҳәаақәҵарала иаԥҵоу суверентә ҳәынҭқарроуп", ҳәа.

Олег Боциев иҳәеит, ахьӡқәа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аланиеи еиваҟәалоит, еиҟароу амчра рымоуп ҳәа.

Ареферендум аҟны атәылауаа ареспублика ахьӡ ҿыц рыдыркылар иара абасеиԥш иҟалоит: Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла, аҳәынҭқарра Аланиа. Алхрақәа ирылахәуп акандидатцәа: атәыла Ахада Леонид Тибилов, Апарламент аиҳабы Анатоли Бибилов, Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩ Алан Гаглоев.

Алхырҭатә ҭыԥқәа аартын Москва, Владикавказ, Аҟәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0