Аиланхарҭа Дружба ауааԥсыра агәамсамкаԥсарҭахь амҩа ркит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәамсамкаԥсарҭа
Агәамсамкаԥсарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиланхарҭа Дружба ауааԥсыра ирҳәоит рынхарҭақәа ирцәыхарамкәа иҟоу агәамсамкаԥсарҭа аҟынтәи афҩыцәгьа ишықәнамыргыло.

АҞӘА, мшаԥымза 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиланхарҭа Дружба, ақыҭақәа Аҷандара, аацы руааԥсыра хымшуп Гәдоуҭа араион иаҵанакуа агәамсамкаԥсарҭахь амҩа ркижьҭеи. Абри атәы ҳкорреспондент изааицҳаит Дружба аҟны инхо Аивар Гәынба.

"Ауаа агәҭынчымра рнаҭоит агәам зегьы амшын ахь иҿыӡәӡәааны иахьнанаго. Ианырбылуа акәзар, ааигәа-сигәа инхо зегьы афҩыцәгьа иқәнаргылом. Ари ҳгәы ԥнаҵәеит. Аҽаџьара ҭыԥк азырыԥшааит агәамсам. Ахәыҷқәа, адуқәа амшын изҭалом, рҽырзыкәабом", — иҳәеит иара.

Гәынба иажәақәа рыла абри азҵаара аӡбразы араион Ахада иахь ауаа нашьҭын, аха иара урҭ идимкылеит.

Аивар Гәынба иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу акциақәа уаанӡагьы ишымҩаԥыргахьаз.

"Усҟан аиҳабыра агәра ҳдыргеит Гагра агәамсам аусадуларатә зауад дыргылоит ҳәа, аха зегьы мцхеит", — иҳәеит иара.

Аивар Гәнба ишиҳәаз ала амҩа аанкылахоит агәамсамкаԥсарҭа ықәыргаанӡа.

2016 шықәса, лаҵарамзазгьы аиланхарҭа ауааԥсыра абри азҵаара акыр ирҵарны иқәдыргылахьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0