Жәлар рыбзиабара

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәБаграт Шьынқәба иҩны-амузеи
Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ирҿиаратә мҩа дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Аполитикатә хҭысқәа инарҷыданы, ҳазҭо ашықәс Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ишықәсны ирылаҳәоуп ҳтәылаҿы, уи зегь раҵкьысгьы ихадазар ҟалап. Ихадоуп, избанзар, арҿиара наӡаӡатәиуп.

Аԥсуа поезиа ашедеврқәа аԥызҵаз, апроза, адраматургиа, анаука уҳәа мҽхакы ҭбаала ҳкультура баҟаҵас иахагыло Баграт Шьынқәба 100 шықәса ихыҵуеит сынтәа. Ашәҟәыҩҩы ҳанизхәыцуа, агәра ҳгоит, уи ирҿиара иакьымсыц ԥсыуак шамаха дшыҟам. Апоет ихаҭа иҳәан еиԥш, "Жәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом, иалнахыз далнахт, иаԥсам дабаӡом"…

апоет Таиф Аџьба - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьбеи "Аԥра шкәакәеи"

Иџьашәшьаргьы, Баграт Шьынқәбеи сареи ҳаибадырит Қарҭ, аоператә театр аҿаԥхьа 1983 шықәса рзы. Усҟан уаҟа иазгәарҭон қырҭуа поетк ииубилеи. Атеатртә институт саадәылҵын, азеиԥшынхарҭахь сцарц азы автобусқәа раангыларҭахь снеиуаны, сылаԥш дыҵашәеит зҩымҭақәа схырххьаз апоет Баграт Шьынқәба.

Саакәанызанит азнаказ, ибара сазыԥшымызт, насгьы, иааигәара анеирагьы гәаӷьыуацәан са сзын. Аха, усгьы исгәаӷьит. Баграт Уасил-иԥа снеидгыланы схы исырдырит, аҵара ахьысҵозгьы наиасҳәеит. Дызлагылаз ачынуаа даарылҵын, игәы ишаахәаз насеиҳәеит ари апроспект аҿы аԥсуа студентка дахьибаз. Схы-сҵыхәа анҭиҵаа Иуа Коӷониа ипоезиа дшаҿҳәароу сырдырны, изыԥшыз рахь дгьежьит абзиараз насаҳәаны.

Ҳгәыла исеиҳәон: — Дад, уаҳҭаа,

Дад, уаҳзаԥхьап Абаҭаа!

Сара сзы  жәҩангәашәԥхьарак иаҩызан, арҭ ацәаҳәақәа равтор, бзиа избоз апоет ду абас лабҿаба дахьызбаз, снапы аанкыланы аԥсшәа ахьсеиҳәаз.

Ашьҭахь, сҵара салганы Аҟәаҟа саныгьежь, ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы саниба сидырит, ҷыдалагьы аԥсшәа сеиҳәеит. Сара сзы иџьашьахәын, абас иҟаз ауаҩ ду, абас иҽырмарианы дахьыҟаз.

Апоезиа агәыбылра санхәыҷыз ауп ианышьҭысх, убри аҟынтә, иахьагьы Шьынқәба ипоезиаҿы ахәыҷтәы поезиа агәыбылра ҷыдала ишсымаз иаанхеит:

Аԥенџьыр снахеит шьыжьымҭан,

Унан! Сгәырӷьеит даараӡа:

Ашҭа, абаҳча, абна хҩан

Сыла иҟәашкакараӡа

Изымҳәодаз абри ажәеинраала ашықәс ҿыц иазкыз аныҳәақәа раамҭазы? Иахьа уажәраанӡагьы, абиԥарақәа еимырдоит ари ажәеинраала ҟаимаҭ "Аӡын шьыжьымҭан". Шьынқәба игенира, иажәа амариара ауп са сгәанала.

Баграт Шьынқәба ирҿиара саназхәыцуа, зегь раԥхьаӡа иргыланы, ипоезиа ауп схызхуа. Избан Шьынқәба ипоезиа абасҟак ҳахнахны ҳзамоу аԥхьаҩцәа, схәыцуеит сара аԥхьаҩ лаҳасабала. Схала аҭак ҟасҵоит абас, Баграт Шьынқәба аԥсуа жәеинраала аҭра иҭеиртәеит, ашәеи ажәеи еилаӡҩаны, исахьаркӡоу ажәа ахархәарала аԥхьаҩ дитҟәеит:

Асы ауеит, асы ауеит,

Опыжә-опыжә инкаҳауа,

Аҵла рышәыб еимаҳауа.

Аԥсабара зегь лашоит…

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Еиӷьны ҳәашьас иамоузеи, аԥсабара зырлашо асоура асахьа ҭызхуа изы. Имариоуп, еихышәшәоит, иаразнакгьы игәныукылоит. Абарҭ ацәаҳәақәа реиԥш иҟаз апоезиа ҳшыхәыҷӡаз инаркны агьама ҳзырбаз апоет, иара ихаҭа даҳбаанӡагьы, иара иахь агәыблреи абзиабареи ҳазцәырҵхьан. Иџьоушьаша, Баграт Уасил-иԥа ирҿиара, еиҳаракгьы ипоезиа рзишеит еиуеиԥшым ақәра змоу аԥхьаҩцәа. Ҷыдала ибзиабаратә лирика ҳазааҭгылозар, уи иаԥиҵаз апоезиатә шедеврқәа аԥсҭазаара агәыхшәара ҳацәыхьчаны, иромантикатәу агәалаҟарахь ҳхьазырԥшуа ауп.

Апоет ифилософиатә лирика акәзар, иаҵубаауеит, арҿиаҩы Шьынқәба зхәыцра ҵаулоу ҟазаны дшыҟоу, уи инапы иҵыҵит ҳҳәар ауеит, даҽак иаламҩашьо, набыцрак злам ажәеинраалақәа, урҭ зегь ирылукаауеит:

Нас мышкызны сыԥсы схыҵып,

Слеиқәыхьшәашәап — уаҳа акгьы.

Алаҳәажәқәа реиԥш исԥырҵып

Сыдгьытә гәаҟрақәа зегьы…

Баграт Шьынқәба ирҿиара амҽхак убриаҟара иҭбаауп, иагьгәаӷьыуацәоуп, уи иааркьаҿны ахцәажәара, аха апоет иажәеинраалақәа уанрыԥхьо, лымкаала уара иузкушәа, убысҟак имарианы, убсҟак иузааигәаны иубоит. Амариара, аҳаракыра, амузыка ашьҭыбжь ссирқәа уҳәа, еилаланы Шьынқәба иажәеинраалақәа аԥхьаҩ дрытҟәоит наӡаӡа.

Иахьатәи аԥсуа ԥсҭазаараҿы ашәҟәы аԥхьара маҷхеит ҳҳәозаргьы, Баграт Уасил-иԥа ирҿиара азҿлымҳара шамац иамоуп аԥхьаҩцәа рыбжьара. Иҳаҳауеит иҭыҵрнаы ишыҟоу уи иҩымҭақәа реизга, ус иҟалар, ҳамҭа духон Жәлар рпоет ирҿиамҭа абзиабаҩцәа рзын. Ҳазыԥшуп уи аҳамҭа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0