Ҳаџьымба адепутатцәа адгылара шриҭало атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба Апарламент афбатәи ааԥхьара раԥхьатәи аилатәараҟны адныҳәаларатә ажәа иҳәеит
Рауль Ҳаџьымба Апарламент афбатәи ааԥхьара раԥхьатәи аилатәараҟны адныҳәаларатә ажәа иҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент афбатәи ааԥхьара раԥхьатәи аилатәараҟны адныҳәаларатә ажәа иҳәеит.

АҞӘА, мшаԥымза 12 — Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент афбатәи ааԥхьара раԥхьатәи аилатәараҟны адныҳәаларатә ажәа иҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсны ауаажәлар шәара шәыгәра ргеит. Рҿахәы зҳәо шәакәны, депутацәас ҳәа шәалырхит. Сгәы иаанагоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент хра аманы амчра аӡбаратәи анагӡаратәи хәҭақәа аус рыцнауп ҳәа, аус рыцнауп ҳәа азакәанԥҵаратә аԥшьгара азин змоу асубиектқәеи ауаажәларратә еилазаареи", — иҳәеит атәыла Ахада.

Иара иазгәеиҭеит амчра ахырхарҭақәа зегьы ҳәоуеиқәшәала русура шакәу аҳәынҭқаррагьы амчра азҭо, ауаажәлар ззыԥшу аиҭакрақәагьы мҩаԥызго.

"Шәара еснагь иахәҭаны иахьыҟоу адгылара шшәысҭо жәдыруазар сҭахуп. Аминистрцәа Реилазаароума анагӡаратә мчрақәа роума Аԥсны ауааԥсыреи атәылеи ршәарҭадара иазырхо, аекономикатә ҿиара аусхк, асоциалтә политика аусхк рҟны аус шшәыцыруа ҩашьара ақәым", — иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахәбатәи ааԥхьара адепутатцәа русуразы.

"Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахәбатәи ааԥхьара адепутатцәа атәылазы иҵоураз азакәанқәа маҷымкәа ирыдыркылеит. Агәра згоит урҭ ихацдыркыз аусқәа маҷымкәа афбатәи ааԥхьара адепутатцәа ишынарыгӡо", ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа актәи ртур мҩаԥган 2017 шықәса хәажәкыра 12 рзы. Алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥган 2017 шықәса хәажәкыра 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0