Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы аӡылаҳәақәеи аԥсарыкәти рбара ҟалоит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПарк "Дендрарий" в Сочи
Парк Дендрарий в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамзазы Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы аҭааҩцәа ирԥылоит аӡылаҳәақәеи аԥсарыкәти.

Sputnik, Владимир Бегунов

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аботаника Аинститут адиректор Едуард Гәбаз еиҭеиҳәоит абаҳчаҟны аӡылаҳәақәеи аԥсарыкәти рыҟазаара аидеиа конференциак аҟны иҟазаараан ишизцәырҵыз.

"Лондонтәи аботаникатә баҳчеи Минсктәи аботаникатә баҳчеи рҟны ршьапы иақәиҭны аԥсаатә ныҟәоит. Ҿык-бзык имҳәо иԥшӡоуп. Лакәтәылак ахь унанагазшәа убоит", — иҳәоит Едуард Гәбаз.

Гәбаз иажәақәа рыла Аҟәатәи абаҳчаҿ аԥсаатә рхы иақәиҭны иныҟәартә аҭагылазаашьа ыҟам, арахь ала ҟьалақәа ҭанагалалоит, аха аволиерқәа рҟны рыҟазаара алшоит.

"Абаҳчахь алақәа ҭалалоит. Убри азы аԥсаатә аволиерқәа ирҭаҳкуеит", — иҳәеит иара.

Макьаназы иргылоуп аволиерқәа ҩба. Аӡылаҳәақәа ахьҭаку аволиер аҟны аӡҭарчгьы ҟаҵахоит. Ԥхьаҟазы ари аус арҭбаара рыгәҭакуп абаҳча анапхгара. Ирҭахуп иара убасгьы ататашьқәа аархәарц.

"Ареспубликаҿы иҟоуп аҭаацәара, ататашьқәа зааӡо. Урҭ ҳрыҿцәажәараны ҳаҟоуп. Мап ҳцәыркыр Урыстәылантәи иаагашт. Акызаҵәык аԥсаатә аҳәаа рахыгара акәама-ҵамарақәа ацуп", — иҳәеит Гәбаз.

Уажәазы аԥсаатә рзы аҩн хәыҷы ргылатәуп.

"Арахь ахәыҷқәа рацәаны иааиуеит. Сгәы иаанагоит аԥсаатә урҭ агәаҳәара ду рызнарҵысып ҳәа", ациҵоит иара.

Аҟәатәи аботаникатә баҳча Кавказ иҟоу акрызхыҵуа абаҳчақәа иреиуоуп. Ишьаҭаркын 1838 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0