Кәарҷиа: адепутат ахьчара имазароуп

© SputnikАԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара аиҳабы Валери Кәарҷиа
Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара аиҳабы Валери Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара аиҳабы Валери Кәарҷиа апресс-конференциа мҩаԥигеит аԥшьаша, мшаԥымза 13 рзы.

АҞӘА, мшаԥымза 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара аиҳабы Валери Кәарҷиа апресс-конференциа мҩаԥигеит аԥшьаша, мшаԥымза 13 рзы. Иара иҳәеит адгылара шеимҭо ауаажәлар рыхәҭак иҟарҵаз ажәадгала – адепутатцәа аԥыжәарақәа рхыхра.

"Сара исыздырам усеиԥш зырыӡбаз, аха ари популизмуп. Аԥыжәарақәа аԥсуаа иҳамхәыцӡеит. Адунеи зегьы аҟны иҟоуп. Адепутат ахьчара имазароуп, дымшәо дмырҳауа, ииҳәарц ииҭаху иҳәартә еиԥш аҭагылазаашьа имазароуп", — иҳәеит иара.

Атопонимика иазкыз азҵаара аҭак ҟаҵо Кәарҷиа иҳәеит, агеографиатә хьӡқәа аҭоурых иабаҟақәоуп ҳәа.

Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара афбатәи ааԥхьара адепутатцәа актәи реилатәара - Sputnik Аҧсны
Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаа алхуп

"Ахьӡқәа аинтерес ду зҵоу информациоуп. Ҩба-хԥа нызқь шықәса зхыҵуа атопоним аҟара ихьчатәуи. Аҳәынҭқаррақәа жәпак рҟны атопоним аҳәынҭқарратә хьчара амоуп", — иҳәеит иара.

Арсаул ахьӡ Приморское ала аԥсахра далацәажәо Кәарҷиа иазгәеиҭеит уи прицидентуп ҳәа.

Адепутат Баҭал Табаӷәуа иажәалагала – Апарламент аилатәарақәа ишиашоу ицо аефир ала дырбара – адепутатцәа ирыдыркылар хьаҳәа-ԥаҳәа аиуам ҳәа азиҳәеит.

Валери Кәарҷиа иара убасгьы дазааҭгылеит ҵыԥх Апарламент аҟны ирыдыркылаз аԥҳәыс лҽырбгара иатәу Азакәан.

"Сара уи ахаангьы саҿагылан. Имаҷым абри аҩыза азакәан аус ахьауа атәылақәа, аха аԥҳәыс лҭагылазаашьа ала ахшара иира ааха лнаҭозар, уи иазхәыцтәуп. Азакәан аус ауроуп, аха аԥсахрақәеи арҽеирақәеи аҭахуп", ҳәа ишьоит Кәарҷиа.

Валери Кәарҷиа Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара аиҳабыс далхуп 2017 шықәса мшаԥымза 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0