Атранспорт азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа: ауаажәларратә транспорт атарифқәа ирыцлом

© Fotolia / GourmetphotographyАуаажәларратә транспорт атарифқәа ирыцлом
Ауаажәларратә транспорт атарифқәа ирыцлом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Ақәҵара 2017 шықәса мшаԥымза инаркны абылтәы ахәԥса ареспублика аҩныҵҟа ишьҭыххарц.

АҞӘА, мшаԥымза 14 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Ақәҵара 2017 шықәса мшаԥымза инаркны абылтәы ахәԥса ареспублика аҩныҵҟа ишьҭыххарц. Аха абри аан ауаажәларратә транспорт атарифқәа шьҭыххом иҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны атранспорт азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аиҳабы Робесҭан Габлиа.

"Ауаажәларратә транспорт аҟны иарбанызаалак атариф ашьҭыхра ҟалом. Уи гәҭакынгьы иҳамам", — иҳәеит Робесҭан Габлиа.

Иара убасгьы иациҵеит атарифқәа Аекономика аминистрра шакәу ишьақәзыргыло.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Ақәҵара 2017 шықәса мшаԥымза инаркны абылтәы ахәԥса ареспублика аҩныҵҟа ишьҭыххарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0