Аԥшьашаҽны Аҟәа ӡыда иаанхоит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥшьашаҽны Аҟәа аӡы аанкылахоит
Аԥшьашаҽны Аҟәа аӡы аанкылахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Инал-Иԥа имҩаҟны иҟалаз авариа иахҟьаны аԥшьашаҽны Аҟәа аӡы аанкылахоит.

АҞӘА, мшаԥымза 19 — Sputnik. Ажәытә ҳабла, ВИЕМ араион, ақалақь агәҭа, ашьха иахьаԥну аҭыԥқәа рҟны уаҵәы, аԥшьаша мшаԥымза 20 рзы аӡы аанкылахоит. Абри атәы ааицҳаит Аҟәа ақалақь Ахадара Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.

"Мшаԥымза 18 рзы Инал-Иԥа имҩаҟны авариа ҟалеит. Аӡы аанымкылакәа аҭыԥ иаҳзықәҵозар ҳәа ҳаҿын, аха иалымшеит. Убри инадҳәаланы аԥшьаша, мшаԥымза 20 рзы ақалақь аҟны аӡы аанкылахоит", — иҳәеит Аҳәба.

Аӡы аанкылахоит мшаԥымза 20 асааҭ 00.00 инаркны асааҭ 18.00 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0