Захарова: Урыстәыла Аԥсныи Қырҭтәылеи амчра рхы иадмырхәарц азы иқәгылоит

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахаҭарнак, аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова
Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахаҭарнак, аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны Урыстәыла иааннакыло апозициа атәы ҳзеиҭалҳәеит Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахаҭарнак, аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова.

АҞӘА, мшаԥымза 19 — Sputnik. Захарова лажәақәа рыла Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥымсуазҭгьы, арегион аҟны аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩхар алшон. Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы Женева Қырҭтәылеи дареи рыбжьара адиалог ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аасҭагьы, жәларбжьаратәи аилазаара аинформациа ахьрызнарго ҭыԥны иҟоуп, ҳәа илшьоит Захарова.

"Ҳара ҳзы ихадароу Қырҭтәылеи, Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амчра ахархәара алзмыршо ашәҟәқәа рнапаҵаҩроуп", — лҳәеит Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахаҭарнак, аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова.

Мариа Захарова лажәақәа рыла абри ахырхарҭала дара ишырҭаху еиԥш акәымкәа еиҳа ишьшьылаҳаны аусқәа цоит. Иара убри адагьы Қырҭтәыла аҽышәарақәа ҟанаҵоит апроблема зыхҟьаз Урыстәылеи Қырҭтәылеи реимак ауп ҳәа ишьақәнаргыларц.

Аԥсны ауааԥсыра ртәылауаҩшәцәқәа - Sputnik Аҧсны
Захарова: Аԥсны аҟынтәи ҳазыԥшуп "атәылауаҩрақәа ҩба" апроект азы агәаанагарақәа

Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ирнаҭо ацхыраара Мариа Захарова аган рацәа змоу цхыраароуп ҳәа азылҳәоит. Иара амҽхак ҭбаауп. ООН, ОБСЕ уҳәа егьырҭ аҭыԥқәа рҟны Урыстәыла ахаҭарнакцәа Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рнапхгарақәа иаздырхио адокументқәа рыларҵәара мҩаԥнагоит. Иара убасгьы Москва имҩаԥыргоит акомплекстә консультациақәа, Урыстәыла Апрезидент идҵала Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара рҵоит, разыҟаҵара мҩаԥысуеит адипломатиатә кадрқәа.

"Иара убасгьы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәарала аминистрра аусзуҩцәа 15-ҩык рдырра иаздырҳараны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа Адипломатиатә академиаҟны. Акурсқәа ирылагоит лаҵарамзазы", — лҳәеит Захарова.

Захарова далацәажәеит Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәыла атәылауаҩра аиура азҵаарагьы.

Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахаҭарнак Мариа Захарова лажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь Аԥсны атәылауаа рганахь ала аус руеит егьырҭ атәылақәа ртәылауаа рахь ахархәара змоу аԥҟарақәа.

"Аԥсны атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра роура апроцедурақәа рырмариара урыстәылатәи аган ахыдҵақәа ируакуп, 2014 шықәса рзы Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩу "Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы" Аиқәшаҳаҭра ирықәшәоит. Урыстәылатәи аган абри аганахь ала аиқәшаҳаҭра апроект азнархиахьеит. Ҳара ҳгәаанагарала иара аусура иалагароуп егьырҭ аиқәшаҳаҭрақәа ирыцны. Иазырхиоу апроект аԥсуа ган иаҭан 2016 шықәса абҵарамзазы. Аҭак ҳазыԥшуп", — лҳәеит Захарова "атәылауаҩрақәа ҩба" роура апроект далацәажәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0