Аԥхын Москвеи Аҟәеи еиманадоит аҽа дәыӷбакгьы

© Sputnik Томас ТхайцукАԥхын Москвеи Аҟәеи еиманадоит аҽа дәыӷбакгьы
Аԥхын Москвеи Аҟәеи еиманадоит аҽа дәыӷбакгьы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа" апассаџьыртә маҵзура аиҳабы Емир Агрба арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо далацәажәеит аԥхынтәи аамҭазы аихамҩа аусура атәы.

АҞӘА, мшаԥымза 20 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥхын Москвеи Аҟәеи еиманадоит аҽа дәыӷбакгьы, иҳәеит Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа" апассаџьыртә маҵзура аиҳабы Емир Агрба арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.

"Аԥхын аамҭа иахьынӡаҵанакуа иазыԥхьагәаҭоуп аҽа дәыӷбакгьы аушьҭра. Уаанӡеиԥш Москватәи адәыӷбақәа есыҽны иныҟәалоит, Санкт-Петербургынтәигьы иара убас", — иҳәеит Агрба.

Агрба иажәақәа рыла уажәы адәыӷба Аҟәа-Москва ԥшьымш рахь знык иныҟәоит, мшаԥымза 26 инаркны – есыҽны аныҟәара иалагоит. Лаҵарамза 1 инаркны адәыӷба Санкт-Петербург — Аҟәа аныҟәара хацнаркуеит. Иара убас адәыӷба Аҟәа — Белгород аусура иалагараны иҟоуп, амаршрут ҿыц Аҟәа-Самара аусура хацнаркуеит рашәарамза 13 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0