Барцыц: Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа иҿиоит

Архивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц зхадараҟны дыҟоу Аԥснытәи аофициалтә делегациа иахьа Цхинвал иҟоуп. Аделегациа аилазаара иалоуп: Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба.

АҞӘА, мшаԥымза 21 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа иҿиоит, иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц радио Sputnik Южная Осетия аинтервиу аҭо.

"Ҭоурых ҟазшьала ишьақәгылаз ҳажәларқәа реинырра ԥхьаҟагьы аҿиара аиуроуп. Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рнапхгарагьы ируалу — ажәларқәа рыҩба рҭахрақәа рынагӡароуп. Ҳажәларқәа ирҭаху аиҭанеиааиреи аизаагәареи роуп", — иҳәеит Барцыц.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла Анатоли Бибилови иареи реиԥылараан Бибилов иазгәеиҭеит ԥхьаҟагьы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа реиӷьтәра ишилшо ала адгылара шеиҭо.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Аҟәеи Цхинвали реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәалоит

Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц зхадараҟны дыҟоу Аԥснытәи аофициалтә делегациа аилазаара иалоуп: Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба.

Анатоли Бибилов иинаугурациа мҩаԥысуеит 2017 шықәса, мшаԥымза 21 рзы Цхинвалтәи астадион аҟны. Уаанӡа аинаугурациақәа мҩаԥыргон атәыла аиҳабыра реилатәарҭа Азал ду аҟны, мамзаргьы акиноконцерттә зал "Чермен" аҟны.

Аԥснытәи аделегациа адагьы ацеремониа рҽаладырхәраны иҟоуп Урыстәыла, Донецктәи жәлар рреспублика, Лугансктәи жәлар рреспублика, Приднестровие, Ашьха Ҟарабах рҟынтәи асасцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0