Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҟны "Афон" аԥхьа игылоуп

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФутбол. Чемпионат Европы - 2016.
Футбол. Чемпионат Европы - 2016. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонтәи ашьапылампылтә команда жәаха очко амоуп, Гәдоуҭатәи "Риҵа" - жәаҩа, "Гагра" - жәеиза.

АҞӘА, мшаԥымза 24 – Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат V атур аҟны акоманда "Афон" Очамчыратәи акомада "Ерцахә" иаԥнагеит 1:0 ҳәа. Иахьазы Афонтәи ашьапылампылтә команда жәаха очко амоуп, Гәдоуҭатәи "Риҵа" — жәаҩа, "Гагра" — жәеиза.

Егьырҭ ахәмаррақәа раан Гәдоуҭатәи "Риҵа" Галтәи "Самырзаҟан" иаиааиит 4:0 ҳәа, "Нарҭ" "Абазг" иаиааиит 3:1 ҳәа, "Спартак" "Шахтер" –иаиааиит 1:0 ҳәа.

Атурнир мҩаԥысуанаҵы знызаҵәык аиҭахара рыбжьалеит "Динамо" — "Гагра" – 1:1 ҳәа.

Атурнир аҟны иалыркааз ахәмарцәа ҳәа рыхьӡ ҳәоуп: Аинар Гамсаниа (гәдоуҭатәи "Риҵа") – 7 мпылк ҭаиршәит, Гьаргь Жанааи ("Нарҭ") Армен Капикиани ("Афона"), дара 4-4 мпыл ҭадыршәит.

Ашьапылампыл азы XXIV Аԥсны ачемпионат хацыркхеит хәажәкырамза 20 2017 рзы.

Атурнир иалахәуп акомандақәа жәаба: "Ерцахә", "Гагра", "Риҵа", "Спартак", "Самырзаҟан", "Афон", "Шахтер", "Абазг", "Динамо", "Нарҭ".

Ажәабжьқәа зегьы
0