Ҳаџьымба: аусурақәа аанкыланы аргыларақәа ықәгатәуп

Анапаҵаҩра
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны закәандарыла аргыларақәа ахьымҩаԥысуа инамаданы атәыла анапхгара аилацәажәара мҩаԥыргеит аҩаша, мшаԥымза 25 рзы.

МЫСРА, мшаԥымза 26 — Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны закәандарыла аргыларақәа ахьымҩаԥысуа инамаданы, атәыла анапхгара аилацәажәара мҩаԥыргеит аҩаша, мшаԥымза 25 рзы. Аилацәажәара иалахәын: Аԥыза-министр Беслан Барцыц, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Беслан Ешбеи Аслан Кобахьиеи, Апрокурор хада Зураб Ачба, адепутат Беслан Смыр, аекологиатә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа, Гагреи Пицундеи рхадацәа.

Аӡбарҭа аӡбра иазымԥшкәа аусурақәа аанкыланы иргылоу ықәыргарц адҵа ҟаиҵеит Рауль Ҳаџьымба араионқәа рнапхаҩцәеи амчратә структурақәеи рахь ихы нарханы.

"Зегьы џьара-џьара акака жәыҩуан, ак ҟашәҵақәон, аха зегь башоуп. Зегьы ишәҭахуп иҟашәҵаша, ижәуша аҽаӡәы иҟаиҵар, аха дасу шәахьыҟоу аҭакԥхықәра шәыдзароуп. Шәҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа ирхадоуп закәандарыла имҩаԥгоу аргыларақәа зегьы аанкыланы, рықәгара", — иҳәеит атәыла Ахада.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аҿырԥшы аҳәырԥсарра анапхгара рҟынтәи ишгоу. Урҭ административтә корпус аҩбатәи аихагыла асасааирҭатә номерқәа алырхит.

Рауль Ҳаџьымба Мысра закәандарыла идыргыло аобиектқәа ргәаҭара дыҟан - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Мысра закәандарыла идыргыло аобиектқәа ргәаҭара дыҟан

"Иахьа избаз исеилнаркааит аԥҵара акәымкәа афара шыргәиҭоу", — иҳәеит аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа, иҳәеит иара иусбарҭа аобиектқәа рыргылара аиашареи аиашамреи

шыҭнаҵаахьоу, аха иара убри ада аҽак шырзыҟамҵо, рзинқәа шыркьаҿу. Атәыла анапхгара ралахәра ада аҳәынҭеилакы апроблема аҭыԥ ақәҵара алшом.

"Аҳәырԥсаррақәа иахьрыҵаркуа иҟало зегьы аҳәырԥсаррақәа рзы азакәан иахьчалароуп. Ҳара адырра анҳаулак аҭыԥ ахь ҳнеины иҟоу аабоит, аус аекологиатә прокуратурахь инаҳашьҭуеит. Иара убра иаанкылахоит ҳзинмчрақәа. Аиҳабыра ралахәра, атәыла Ахада иалахәра ада аус ҳзыӡбаӡом", — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Аеколог иазгәеиҭеит аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа хыбрак иадамзаргьы аргылара азин ҟалар адомино аеффект ҟалоит, аҳәырԥсаррагьы иамоу аҵакы ацәыӡуеит ҳәа.

Ҳаџьымба иҳәеит Пицунда иибаз агәра шинаргаз асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ишакым, ишыҩбам.

Абнанхамҩаз аҳәынҭусбарҭа аиҳабы Анзор Ашәхәаҵаа иҳәеит асеиԥш иҟоу аргыларақәа уахынла шакәу ианымҩаԥырго. Аха уи атәыла Ахада дзақәшаҳаҭымхеит. Иара иҳәеит аҽнышьыбжьон илала ишибаз аусурақәа рымҩаԥысра.

"Аус ныҭкааны иҭышәҵаароуп. Жәамш рыҩныҵҟа аҭак сазыԥшуп", — иҳәеит атәыла Ахада.

Аилацәажәара иалахәын: Аԥыза-министр Беслан Барцыц, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Беслан Ешбеи Аслан Кобахьиеи, Апрокурор хада Зураб Ачба, адепутат Беслан Смыр, аекологиатә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа, Гагреи Пицундеи рхадацәа.

Аҳҭнықалақь аҟны апрофилактикатә усурақәа мҩаԥгахоит

Ажәабжьқәа зегьы
0