Раиса Ажьиԥҳа: аинформациа еснагь уаргәырӷьартә иҟамызт

© Sputnik / А. Коханов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРаиса Ажьиԥҳа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа радио аусура далацәажәоит
Раиса Ажьиԥҳа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа радио аусура далацәажәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа радио аусура далацәажәоит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз арадио абжьы арежиссиор Раиса Ажьиԥҳа.

Аибашьра ианалагоз Раиса Ажьиԥҳа 30 шықәса лхыҵуан. Аԥсшьарамшқәа лыманы лыҩны, Гәдоуҭа дыҟан. Лколлектив Аҟәа ааныжьны Гәдоуҭаҟа ишиасыз анлаҳа аҽныҵәҟьа аусура дҭыҵит.

"Иахәҭаз атехника ҳамамызт. Ишҳалшоз ала аусура еиҿаҳкаауан. Ҩ-кассетак зҿарҵо магнитофонк ҳаман. Апульт ҳаиҭеит Ҭимур Қәычбериа. Адырраҭара ахьымҩаԥаагоз астудиеи иахьҭааҩуаз астудиеи хаз-хазы иҟан. Ус шакәызгьы ҳдырраҭара информациала ихаҭәаан, ишиашоу ицо аефирқәа мҩаԥаагон. Сара абжьы арежиссиорс сыҟан", ҳәа еиҭалҳәоит Раиса.

Лара лажәақәа рыла арадиодырраҭарақәа мҩаԥыргон: аԥсшәа, аурысшәа. Аҭырқәшәа рыла. Усҟантәи аамҭазы аибашьра шцоз ззымдыруазгьы ыҟан. Аиҳараҩыкгьы аиаша рыздырамызт.

"Ҭырқәшәала имҩаԥаагоз адырраҭара "Аԥсадгьыл абжьы" ахьӡын. Иара азирхион Саим Аҩӡба. Даара гәыҵханы иҳамаз Мрагыларатәи афронт алахәылацәеи Очамчыра араион ауааԥсыреи ракәын. Иҳалшоз зегь ҟаҳҵон урҭ иаҳҳәоз раҳарц, ҳинформациа рызнеирц", — лҳәоит лара.

Раиса илҳәоит аусура шыуадаҩыз аԥсихологиатә план алагьы. Шамахамзар зегьы рыуа-рҭахы аибашьрамца иалагылан. Аӡәгьы игәы ҭынчымызт, иҳаҳарызеишь ҳәа иԥшуан.

"Ус шакәызгьы ҳхы азхәыцха ҳамамызт. Аибашьраан аинформациа аҵакы дууп. Ауаа ргәы шьҭыхтәын. Арадиои ателехәаԥшреи русзуҩцәа ҳакәын аинформациа ираԥхьатәины изауаз. Уи еснагь уаргәырӷьартә иҟамызт. Аҳәарагьы аныуадаҩыз ыҟан", ҳәа еиҭалҳәоит Раиса.

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
"Афырхацәа рымҩала": Екатерина Бебиаԥҳа арратә журналистика дазааҭгылоит

Вова Ҳашба, Семен Адлеиба, Гарик Дбар, Екатерина Бебиаԥҳа, Еҭери Кациаԥҳа, Вова Никонов, Света Қорсаиаԥҳа, Алина Ачԥҳа, Даур Начҟьебиа, Ваниа Саӡба уҳәа уахи-ҽни неиԥшьны арадио амаҵ азыруан.

"Дара ракәын аинформациа аус адуланы ажәлар ирылазҳәоз. Уахи-ҽни аусураҿы ҳаҟан. Зны-зынла, иара уигьы уахынла, Гәдоуҭантәи Бамбораҟа сцаны сҭаацәа збалон", ҳәа лгәалалыршәоит Раиса.

Аамҭа акыр ишыуадаҩызгьы аилибакаареи аидгылареи ыҟан лҳәоит лара.

"Ҳара ҳара ҳрыцҳаибашьон. Ҳаидгылон. Часак еиҟәаҳшон. Иара убри аан ҳагәгьы каҳажьуам ҳәа ҳаҿын", ҳәа азгәалҭоит Раиса.

Иҟан угәы иахәашаз аамҭацқәакгьы. Убас зны, Гарик Дбар Владислав Арӡынба аинтервиу имхра дизнеир акәын. Уахь абжьы арежиссиор дицзар акәхеит. Раиса "бсыцаала" ҳәа леиҳәеит.

"Ҳәарада сгәырӷьеит. Ихаҿы ихаччо ҳидикылеит. "Ои, Гарик, аҭыԥҳа дуцны уааит. Илаҭәасшьарызеи? Иҟасҵарызеи?", ҳәа ауада дааҩнагьыжьит. Нас, асеиф ашә ааиртын, аемблемақәа. Абираҟ хәыҷқәа. Агерби абираҟи рыгәлаҵа ааҭыган исиҭеит. Ахаан исхашҭуам. Урҭ аемблемақәа сара нас Џьамбул Џьопуеи Саим Аҩӡбеи ирысҭеит. Схазы гәлаҵак аансыжьит. Иахьанӡагьы иҵәахны исымоуп", — лҳәеит.

Ҳаицәажәара ахыркәшамҭазы Раиса лылахь еиҭеиқәылҵеит. Илгәалалыршәеит лҩызцәа реиҳараҩык атыл аҟны изаанымгылакәа афронт ахь ишцоз. Урҭ зегьы рыԥсы ҭаны шьҭахьҟа изыхнымҳәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0