Сусана Кәарҷиаԥҳа: ҳабацәа агәаӷь змаз уаан

© Foto / Сырма АшәԥҳаҶыка Кәарҷиа
Ҷыка Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр администратор Сусана Кәарҷиаԥҳа илгәалалыршәоит лаб Ҷыка Кәарҷиа дызнысыз аибашьратә мҩа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Сусана лаб Ҷыка Кәарҷиа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иадҳәалаз ахҭысқәа реиҭаҳәара бзиа ибаӡомызт. Аибашьра ицҟаз Ҵәыџь Цим ҳәа ҩызак диман, нас егьырҭ иҩызцәа анааизалак еидтәаланы ианеицәажәоз, зны-зынла еибырҳәоз аҟынтә иҳаҳақәаз роуп илгәалашәо.

"Саб аишьцәа хҩык иман. Иашьеиҵбы аӡәы ида агәакьақәа егьырҭ аибашьра иргеит. Саб аибашьра данырга 23 шықәса ракәын ихыҵуаз. Тҟәарчал инхоз ҳабду Бакәана Кәарҷиа иҷкәынцәа ҳәа пату рықәын, аишьцәа бзиа еиҵагыланы иҟан даара, инхацәан, ишәарыцацәан", — ҳәа лҳәоит Сусана.

Ҷыка аибашьра дцаанӡа ҭыԥҳак бзиа дибон. Уи ажәабжь нас ауп ианлаҳа Сусана. Шьапыла ашьабысҭа кны ҳамҭас илиҭазаап. Ларгьы дизыԥшын аибашьра анаҩсангьы, аха аамҭа ԥыҭк анца, ақәрагьы лыман, дычмазаҩхан лыԥсҭазаара далҵит. 

Аибашьрахь раԥхьа Ҷыка Кәарҷиа иоуп иргаз. Нас иашьцәа даҽа ҩыџьа ргеит, Грышьеи Ҷуҷи. Дыргеит раб иашьа иԥа, иара дара ҳаҩнаҭаҟны дааӡеит. Лаб Ҷыка ихьӡын, егьи Ҷыка хәыҷы ҳәа иарҳәон. Аибашьраҿы лаб ихыԥша бзиахеит. Дара Қәҭешь ала иргон, раԥхьа уа игәарҭеит, нас еихыршеит. Дақәшәоит Украина мраҭашәаратәи афронт. Дхысҩы ӷәӷәан.

Александр Гагәылиа - Sputnik Аҧсны
Лыхни Берлини згәы иҭамкәа еимаздаз Александр Гагәылиа, ма патреҭк аҭоурых

Мызки бжаки ҵӡомызт "Агәымшәаразы" аҳамҭа анианаршьаз. Иара дхысҩымзи, аҵла иахьықәлоз рышьҭа дырӡуан, "Кукушка" ҳәа ирышьҭан. Ироуаз адҵақәа нарыгӡон иҩызцәеи иареи, абз аагара ицон, анемец итыл ахь ицон. Сусана даныхәыҷыз арҭқәа зегьы лакәҵас илыдылкылон.

"Даара аџьабаа ду рбеит. Иԥсы ҭанаҵы иҵегьы еилаҳкаара акәын, уи гха дуны иҳамоуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Ҳаб ҳара ҳзы еснагь дфырхаҵан, ажәлар пату иқәырҵон, ақыҭаҿы ахьӡ ду иман. Сҭаца аҩны иҟоу илзеиҭаиҳәоз рацәан. Сара уажәааигәа убри аҩыза хҭыск салҳәеит, шәаб ииҳәаз ишәзымдыруа ҳәа, 18-ҩык анемеццәа тҟәаны ишааигаз атәы.  

Нас саргьы исгәалашәеит уи ахҭыс. 18-ҩык рахьынтә иҟан хҩык ачарҳәаҩцәа, дара урысцәан. Саб идырҵеит ишьырц. "Аха, аурысцәа шԥасшьуеи?", ҳәа ршьапқәа дреихсит. Уи иара еснагь хьаас иман. "Ҷыка", ҳәа ихьӡ ҳәаны ҿырҭуан, аҭабиаҿы иахьыҟаз иҭҟәаразгьы иаахьан. Саб убас еиԥш ҟазшьас иман, унаидгыланы дузырҿыхаӡомызт, иаразнак дыҵҟьон иҭыԥ аҟынтә. Убас еиԥш аҭагылазаашьа ҟалеит, инеиз дара рхаҭақәа рҳәынҷеит. Саб ихыԥша ахьыбзиаз азы, иашьцәа гәакьақәа хҩык иара иҿы аибашьра иақәшәартә иҟарҵеит", — ҳәа лгәалалыршәоит Сусана.

Ҷыка Кәарҷиа еснагь иҳәалон: "Аибашьраҿы уара ухы хьаас иукӡом, уашьцәа рзы шаҟа угәы ҭынчым, шаҟа урыхӡыӡаауа, ирыхьрызеи", ҳәа. Ҷыка хәыҷы ҳәа иҟаз иашьеиҵбы дицны ажәылара идәықәлеит. Ишнеиуаз каҵәарак аҿы Ҷыка хәыҷы дааҭгылан, акраҳфап иҳәеит. Асолдаҭцәа ирфашаз рырымҭоз.

© Foto / Сырма АшәԥҳаҶыка Кәарҷиа ианаршьаз аҳамҭақәа зыршаҳаҭуа ашәҟәы
Ҷыка Кәарҷиа ианаршьаз аҳамҭақәа зыршаҳаҭуа ашәҟәы - Sputnik Аҧсны
Ҷыка Кәарҷиа ианаршьаз аҳамҭақәа зыршаҳаҭуа ашәҟәы

"Макьана ҳаԥхьаҟа амҩа шьҭоуп, уаангыл", ҳәа иарҳәеит. "Мап, мап, ижәдыруеи ҳаршьыргьы", иҳәан аконсерв банка ааиртын афара дналагеит. Нас, "Ԥхьаҟа, ҳәа ҳаҳәҳәо ҳашцоз, урыс ҷкәынак дааҳадгылан, уашьа дыршьит", ҳәа иарҳәеит Ҷыка Кәарҷиа. Данаахьаԥш ибеит ибжа адгьыл ишыҵаз, арахь абомбақәа ана-ара иԥжәон.

Ажәылара цоит, ԥхьаҟа ицатәуп, шьҭахьҟа узыԥхьаҵуамызт. Сусана лаб излауаз ала иашьа анышә днаҭашәа ныҟаиҵан, хаҳәк нышьҭаҵаны, икәша-мыкәша даанаԥшы-ааԥшит. Иааигәара ҵлак гылан, игәалаиршәеит, ма убри аҵла ала нас дахьжу аҭыԥ сыԥшаап ҳәа. Убри даара хьаас иман лаб еснагь, иашьа уаҳа дизымыԥшаакәа дыбжьаӡит.

"Саби, ҩыџьа иашьцәеи еибганы игьежьит, аха ахәрақәа ирымаз ирхырҟьаны саб иашьцәа лассы рыԥсҭазаара иалҵуеит. Дара ҵара дук рымаӡамызт, қыҭа ҷкәынцәамзи, алагарҭатә класс анаҩс иацрымҵаӡеит. Грышьа ҳәа иҟаз данаауаз, ахьчаҩцәа ицны иааит рҳәоит изгәалашәо", — лҳәоит Сусана.

Грышьа даныхынҳә аҭаацәара далалеит, аԥҳа дихшеит. Аха ҩба хԥа шықәса ракәын иԥсы ахьҭаз, Ҷуҷ еиҳагьы ирласны дыԥсит. Ран лхы еилаԥсашәа дҟалан рыцҳа, абри аишьцәа ирыҩуаз асалам шәҟәқәа, иара аибашьра атәы зҳәоз агазеҭқәа аҭаҭын дрылахон, иԥхасҭахеит, акагь аанымхагәышьаӡеит.

Ҷыка Кәарҷиа дофицерын. "Аеҵәа ҟаԥшь" анирҭа 99-ҩык анемеццәа ишьхьан. Авинтовка иикыз убриаҟа иҿаҟәаны иҟаиҵон иишьыз рхыԥхьаӡара аҟара. Иара "Асовет Еидгыла Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ данаԥсартәыз анаҩс, Аԥсныҟа аԥсшьара аамҭа ирҭеит мызки бжаки раҟара. Ари 1943 шықәса рзы акәын. Уаҵәы Аԥсныҟа дцараны дшыҟаз ауха, акомандаҟаҵаҩ ус иеиҳәеит: "Уара уцоит Ҷыка, аха абенокль ала аҽы дақәтәаны иаҳбало анемец ҳаишьуеит уара ушьҭахь". Ҷыка убри дишьырц иӡбеит, аухагьы дцоит ишьра, дагьҭаирхоит. Убри аҟынӡа дҳаракын ари анемец, анаҩс ажәылара ҟарҵеит аӷацәа.

Курорт Пицунда в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Лӡаа "ауыӷә" рхызхыз

"Саб убасҟан ӷәӷәала дырхәит, ила ҭыҵит, акыраамҭа ихдырра ицәыӡны дыҟан. Нас гәынхәҵысҭала дҳәазаны иара итәқәа рҟынӡа днаӡеит. Анаҩс, ахәышәтәырҭахь дыргеит. Аха, иикыз аснаипер-авинтовка шикыз икын, имырӡӡеит. Ихдырра анааи, иазҵааит "Уабџьар зукузеи?" ҳәа. "Сара саԥсыуоуп, аԥсуа иабџьар ирӡӡом!", ҳәа нараҭеикит. Саб данырхә ашьҭахь, ажәыларақәа иҟаз ишәҟәқәа алаӡит. Акомандаҟаҵаҩ хаҭалатәи акьарахә ииҭахьазгьы имырхит, ибла иабом ҳәа. Убраҟа инҵәеит иеибашьратә мҩа. Ҩышықәса инагӡангьы дыҟаӡамызт аибашьраҿы, аха илиршаз рацәоуп", — ҳәа лҳәеит Сусана. 

Ҷыка Кәарҷиеи иԥшәмаԥхәыси быжьҩык ахшара рааӡеит. Сусана лан Фируза лыхьӡын, д-Мишьелиаԥҳан. Лара 16 шықәса ракәын аҭаацәара даналалоз илхыҵуаз. Џьгьарда, Ҷагьам иахьынхоз, санду дылбарц азы, игәышԥқәа чаԥаны раԥхьа диасуан саб. Убас сан лхыхра дақәшәеит саб, ҳәа лгәалалыршәоит Сусана. 

"Даҽа хҭыск шәзеиҭасҳәарц сҭахуп. 1975 шықәса рзы саб иашьа иԥа, Москва акоменданттә ротаҿы арра дақәшәеит. Асолдаҭцәа рыжәлақәа анырҳәа, аиҳабы Кәарҷиа ҳәа аниаҳа, сашьа дааиԥхьан ус иеиҳәоит: "Аибашьра анцоз аамҭазы, сара командаҟаҵаҩыс дсыман Ҷыка Кәарҷиа, даара афырхаҵара илан, данҭаха ашьҭахь "Асовет Еидгыла Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ихҵан. Уара уи иӡбахә ҳәа акыр уаҳахьоума? Иара аибашьраан дҭахеит". "Уи сара саб иашьа иоуп, иԥсы ҭоуп", иҳәеит сашьа", — лҳәеит Сусана.

Даара иџьеишьеит акомандаҟаҵаҩ иаҳаз ажәабжь. Маи 9, Аиааира амш ныҳәахь Москваҟа ааԥхьара изааишьҭит, насгьы илгәалашәоит аԥхарра зхылҵуаз ицәаҳәақәа: "Сара даара гәахәас иҟасҵоит аибашьра уеибганы уахьалҵ. Уааир ҳаицәажәап. Уанҭаха ашьҭахь "Асовет Еидгыла Афырхаҵа", ҳәа ахьӡ ухырҵеит"… Аха, рыцҳарас иҟалаз, лаб ичымазара иахҟьаны дзымцеит. Усҟан ианаршьахьаз аҳамҭа иоуртә еиԥш аҭагылазаашьа ҟаларгьы здыруадаз?! Уи аҳамҭа адагьы, ҳаб ҳара ҳзы дфырхаҵоуп. 

Ҷыка Кәарҷиа аибашьра адәаҿы иааирԥшхьаз ифырхаҵарақәа рзы ианашьоуп "Аеҵәа ҟаԥшь", "Абираҟ ҟаԥшь" аорден, "Аџьынџьтәылатә еибашьра" аорден актәи аҩаӡара, иара убас хыԥхьаӡара рацәала амедалқәа. 

2015 шықәсазы Маи 7 ауха, Сусана лыҷкәын аинтернет аҟны "Подвиг народа" ҳәа иҟаз асаит дышҭаз, машәырла ибеит афырхаҵара ахьӡ аиуразы анашьартә шәҟәы иабду ихьӡала.

"Ауха исзыршомызт, адырҩаҽны ишаашаз саб ифотосахьа аашьҭыхны зегьы ахабар рысҭеит, ателехәаԥшра сҳәеит, амузеи сҳәеит. Анаҩс, адокументқәа иаҳбаз ыҟоуп. Ашәҟәы зҩит, макьана аҭак ҳазыԥшуп. Абриаҟара аамҭа цаны, саби саб иашьцәеи рыӡбахә ахьырҳәо, иахьыргәалашәо сара сзы игәадуроуп! Ҳабацәа агәаӷь змаз уаан, ҳара ҳабиԥарагьы ус иҟан азоуп ҳара ҳаибашьраҿгьы Аиааира заҳгаз!", — лҳәеит Сусана

Ажәабжьқәа зегьы
0