Аиааира Ду 72 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАиааира Ду 72 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
Аиааира Ду 72 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду 72 шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы еиҿкаан Гагра.

ГАГРА, лаҵарамза 9 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Лаҵарамза 9 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Асовет Жәлар иргаз Аиааира 72 шықәса ахыҵра инамаданы, Гагра ақалақь Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, араион Ахадара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи, ақалақь иаҭааз асасцәеи.

Еизаз зегьы, аибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәаладыршәеит минуҭктәи аҿымҭрала. Анаҩс еиҿкаан амитинги ацәаҳәа анысреи.

Митинг - Sputnik Аҧсны
Габниа: Аиааира амш аҵакы есышықәса иацлоит

Аныҳәа иалагӡаны, ашколхәыҷқәа алархәны имҩаԥган акциа "Ԥсра зқәым аполк". Ахәыҷқәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рабдуцәеи урҭ рабацәеи рфотосахьақәа кны ацәаҳәа ианысит.

Еизаз ауаажәлар ашәҭқәа шьҭарҵеит, Идырым асолдаҭ ибаҟа иавагылоу, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран, Асовет еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц ибаҟа амҵангьы.

Ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа ашьҭахь амитинг ааиртит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба. Иара аибашьра аветеранцәеи еизаз ажәлари ирыдиныҳәалеит Аиааира Ду 72 шықәса ахыҵра.

"Егьа шықәсы рацәа ҵыргьы, ҳабацәеи ҳабдуцәеи иаадырԥшыз ахаҵареи агәымшәареи ахаан хашҭра аиуам. Ҳара ҳтәылауаагьы аибашьраҿы хьӡи-ԥшеи ргеит. Шәҿаԥхьа ҳхырхәоит ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Шәгәымшәареи шәфырхаҵареи ҿырԥштәыс иганы шәара шәаамышьҭахь еиҵагылаз абиԥара ирыхьчеит Аԥсны. Шықәсы рацәала шәҳагымхааит", — ҳәа иажәахә аҟны иазгәеиҭеит Заур Бганба.

Адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи ҟаиҵеит Гагра араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба.

"Хашҭра рықәымзааит аибашьраҿы иҭахази, уи ашьҭахь зыԥсҭазаара иалҵыз аибашьра аветеранцәеи. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, рҿаԥхьа ҳхырхәоит аҭынч ԥсҭазаара ҳзаазгаз. Ҽаанбзиала шәнеиааит аветеранцәа. Ҽаанбзиала ҳраион ауааԥсыра хәыҷи-дуи", — иҳәеит иқәгылараҟны Асҭан Агрба.

11 677-ҩык Гагра араион ахаҭарнакцәа афронт ахь ицеит, урҭ рахьтә 2 252-ҩык аибашьра рхы ақәырҵеит. Зықьҩык инареиҳаны иранашьоуп аибашьратә орденқәеи амедалқәеи. Иреиҳаӡоу ахьӡ Асовет Еидгыла Афырхаҵа иаԥсахеит Гагра араион ахаҭарнакцәа Ражден Барцыц, Иасон Кәакәасқьыр, Арутиун Мелетиан, Мигран Бостанџьиан, ҩынтә ари ахьӡ иҽаԥсеитәеит Витали Попков.

Аҟәа имҩаԥысит Аиааира апаради Ԥсра зқәым аполк амҩасреи - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысит Аиааира апаради "Ԥсра зқәым аполк" амҩасреи

Аибашьра ашықәсқәа раан афронт ацхыраара арҭон анхацәа зегьы. Дара еизыргон афатә, ашәҵатәы, аԥара. Гагратәи агоспитальқәа рҿы амедицинатә цхыраара роуит 200 нызқьҩык асолдаҭцәеи акомандаҟаҵаҩцәеи.

Егьа аҳәара уадаҩзаргьы, аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа есышықәса рхыԥхьаӡара маҷхоит. Иахьазы, Гагра араион аҟны, сиала зыԥсы ҭоу ҳәа ашәҟәаҿы иарбоуп 28-ҩык. Урҭ рахьтә аныҳәахь имҩахыҵызгьы зынӡа имаҷуп.

Алексеи Красиньков 93 шықәса ихыҵуеит. Иара деибашьуан ахԥатәи Украинатәи афронт аҟны. Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга игәабзиара ашьақәыргыларазы Аԥсныҟа даашьҭын, уи нахыс Гагра ақалақь нхарҭа ҭыԥс иалихит. Иахьа аибашьра аветеран ҩқалақьк дрыбжьоуп, дахьииз дахьааӡаз Гусь Хрустальныи, иԥсы зыҿҳәароу Гагреи.

Арам Еремиан деибашьуан Сталинград, иара убас ихьчон Урыстәыла Мрагыларатәи аҳәаа. Традициала ишаԥу еиԥш, аныҳәа иаҭааз аибашьра аветеранцәа аҳамҭақәа ранашьан, Гагратәи абжьаратә школ №4 аҵаҩцәа рҟнытә.

Аныҳәа аофициалтә хәҭа ашьҭахь имҩаԥган аконцерттә программа. Гагра араион ашколқәеи аҟазаратә коллективқәеи инарыгӡеит апатриоттә ашәақәа, иқәдыргылеит амилаҭ кәашарақәа.

Анаҩс, аибашьра аветеранцәа аԥсшьарҭа ҩны "Мидель-Гагра" аиҳабы Иракли Чепиа иааиԥхьеит ирзеиҿикааз абанкет ахь.

12 шықәса инеиԥынкыланы, Аиааира амш аламҭалаз, Гагра ақалақь ԥсшьара иаҭаауеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан, Ленинград амацәаз иҭакыз рхаҭарнакцәа.

Даргьы гәахәарыла ааԥхьара рыдыркылеит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа арылахәразы. Галина Кораблиова фышықәса лхыҵуан амацәаз данҭакыз. Лара ибзианы илгәалашәоит ирхыргоз амлеи ахьҭеи.

"Аибашьра ашьҭахь, ашколқәра саҵанакуан, аха шықәсык иагсыжьыр акәхеит, сгәабзиара иахырҟьаны", — илгәалалыршәоит лара.

Санкт-Петербургынтәи иааз асасцәа Гагра араион анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәоит, есышықәса рганахь иаадырԥшуа агәцаракразы. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, араион Ахадараҟнытә ирыҭан аԥаратә ҳамҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0