Аибашьра аамҭазтәи ашәақәа Аҟәа агәы иқәыҩуан

Анапаҵаҩра
Аиааира амшныҳәа иазкыз агәырӷьаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысит Аҟәа.

АҞӘА, лаҵарамза 10 – Sputnik, Роберт Џьопуа. 1941-1945шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амшныҳәа аҽны аибашьра аамҭа иалиааз ашәақәа ықәыҩуан ҳаҳҭнықалақь амшын аԥшаҳәа.

Аҟәа ақалақь Ахадара Акультура аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа лажәақәа рыла асценаҟны иқәгылан аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, Амузыкатә ҵараиурҭа астудентцәа, ахореографиатә коллективқәа.

"Ари аныҳәа еснагь актуалра амоуп. Тәылақәак рҟны ишыҟарҵо еиԥш ҳара уи мап ацәкра азин ҳамам. Ҳабиԥара-ҿа ирдыруазароуп аҭынчра иахҭынҵоу ахәԥса. Хаҭала сара сзы аиааирамш аҵакы аманы иҟоуп – аибашьраан хабарда дыбжьаӡит сабду. Уи иӡбахә схәыҷқәеи смоҭацәеи еснагь ирзеиҭасҳәоит", — лҳәеит лара.

"Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи" рзы ахантәаҩы Гәли Кьычԥҳа иазгәалҭеит Аиааира амш адунеи зегьы азы иԥшьоу ныҳәаны ишыҟоу.

"Асовет еидгыла ажәларқәа зегьы реиԥш Аԥсны ажәларгьы абри аиааира амш ааскьаргон, рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵон. Ҳара урҭ рфырхаҵара ҿырԥшыганы иаҳзыҟазароуп. Уаҳа иҟамлааит аибашьра. Иҭынчрахааит адунеи зегь аҟны", — лҳәеит Кьычԥҳа.

Амшын аԥшаҳәаҿы аконцерт еиԥш имҩаԥгана асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0