Адепутат: аԥҳәыс лҽырбгаразы азакәан ариашарақәа аҭахуп

© Fotolia / SushytskaАни ахәыҷи
Ани ахәыҷи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥҳәыс лҽырбгаразы азакәан ариашарақәа аҭахуп ҳәа ишьоит Апарламент адепутат Алхас Аџьынџьал.

АҞӘА, лаҵарамза 11 – Sputnik, Роберт Џьопуа. "Агәабзиарахьчаразы" азакәан аԥҳәыс лҽырбгаразы ахәҭақәа ариашарақәа аҭахуп, ҳәа ишьоит Апарламент адепутат, асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ахантәаҩы Алхас Аџьынџьал.

"Раԥхьа иргыланы амедицинатә згәаҭарақәа рыла аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟаҵатәуп. Ҳара иҳауз аԥышәеи адунеитә ԥышәеи иудырбоит азинҟамҵара иҵоуроу аус ахь ушнанамго. Адемографиа апроблемақәа ас ала рыӡбра ауӡом", — иҳәоит адепутат.

Иара иажәақәа рыла иаарласны апрофильтә еилакы аҟны абри азҵаара иалацәажәараны иҟоуп, нас уи Апарламент асессиа аилатәарахь инагахоит.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥара зхыршәаауа амедицинатә маҵзурақәа рызҵаара ишахәаԥштәу.

"Азакәани иахьатәи ҳаамҭеи еиҿурԥшуазар, аԥара зхыршәаауа амедицинатә маҵзурақәа рызҵаара шыӡбтәу умбарц залшом", — иҳәеит иара.

Аԥҳәыс лҽырбгаразы ариашарақәа зцыз "Агәабзиарахьчаразы" азакәан Апарламент аҟны ирыдкылан ԥхынҷкәын 18 2015 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0