Ҭаниа: акурорттә сезон аан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны ауаа риасра уадаҩхом

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысыз апресс-конференциа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысыз апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурорттә сезон аан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны ауаа риасра ауадаҩрақәа аиуеит ҳәа аамҭа-аамҭала акьыԥхь аҟны ицәырҵуа адизенформациа иазкын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысыз апресс-конференциа.

АҞӘА, лаҵарамза 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Акурорттә сезон аан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны ауаа риасра ауадаҩрақәа аиуеит, ҳәа аамҭа-аамҭала акьыԥхь аҟны ицәырҵуа адизенформациа иазкын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысыз апресс-конференциа.

Аԥхынтәи асезон аан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны иарбанызаалак уадаҩрак азыԥхьагәаҭам ауаа риасраан, иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

Ҭаниа ишиҳәо ала атуристцәа реиҳараҩык Урыстәылатәи Афедерациа иатәылауаауп. Урыстәылеи Аԥсныи рыбжьара визада аиҭанеиааираз Аиқәышаҳаҭра аус ауеит. Белоруссиеи Ҟазахсҭани рганахь ала акәзар Аԥсны Ахада идҵа ҷыдала урҭ ртәылауаа ареспубликаҟны рыҟазаара 14 мшы иахымсуазар, авиза рҭахны иҟаӡам.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аконсултә департамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Лаша Аҩӡба иакәзар иазгәеиҭеит аҳәаа ахысырҭаҟны ишаарту аушьҭырҭа цәаҳәа ҷыда, уа атуристцәа ирмариоу апроцедурала авизақәа роуеит.

"Уаанӡа атәымтәылауаҩ анкета харҭәааны аҭак хәымш дазыԥшызар акәын. Ҳара ҳтәылахь атуристцәа раара аинтерес ду ҳзаҵоуп. Убри инадҳәаланы аҳәааҟны иааҳартуеит аконсултә пункт", — иҳәеит Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла авиза аиқәыршәара аамҭала иагоит ҩба-хԥа минуҭ рҟынӡа. Уаанӡеиԥш авиза аиура алшоит аконсултә департамент аофис аҟнгьы (ақ. Аҟәа, Сахаров имҩа 33).

Ажәабжьқәа зегьы
0