Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа хҩык рзы аԥарақәа еизгоуп

© Sputnik Джопуа РобертИалса Алхорбеи Спартак Ԥачлиеи
Иалса Алхорбеи Спартак Ԥачлиеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Санель Ажьиԥҳа лзы аԥареизгара ааннакылеит.

АҞӘА, лаҵарамза 11 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Санель Ажьиԥҳа лыхәышәтәразы еизгоу ҩ-миллионк аԥара аҽа ҩыџьа ахәыҷқәа рыхәышәтәрагьы иацхраауеит ҳәа ҳзаалыцҳаит Афонд ахаҭарнак Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Изныкым иарбоу ахыԥхьаӡара еиҳаны ауаа аԥара еизыргоижьҭеи, аха ариаҟара ирацәаны уажәада ас иаарласны еизаҳамгацызт. Актәи амчыбжь азы еизаагеит Санель лзы иахәҭаз, миллионки 240 нызқь мааҭ аԥара. Иааидкыланы ҩ-миллионк инареиҳаны аԥара еизгахеит. Урҭ аԥара хашәалақәа Иалса Алхорбеи Спартак Ԥачлиеи рыхәышәтәра иазҳархеит", — лҳәоит афонд ахаҭарнак.

Иалса Алхорба быжь-шықәса лхыҵуеит. Лара лан, Апсуана Ашәԥҳа лажәақәа рыла ахәыҷы лцәажәара ԥкуп. Хышықәса раахыс Шәачатәи аҳақьымцәа лхылаԥшуеит.

"Арҽеиратә школ ахь ҳныҟәоит. Алогопеди аԥсихологи аус ҳадырулоит. Ахәыҷы макьаназы ацхыраара ӷәӷәа лҭахуп", — лҳәоит ан.

Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Спартак Ԥачлиа. - Sputnik Аҧсны
Спартак игәазыҳәарақәа наӡар алшоит

Иалса Москва лыхәышәтәра актәи акурс иахшәаауп 350 000 мааҭ. Аԥара ахшәаауп Спартак Ԥачлиа ихәышәтәрагьы. Уи азы иаҭахын 250 000 мааҭ. Ахәыҷы ДЦП имоуп.

Мактина Аџьынџьал ишылҳәо ала Санель Ажьиԥҳа лзы еизыргаз аԥара ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟынтәи иаарышьҭуан, иаарышьҭуан Урыстәыла арегионқәа рҟынтәгьы.

"Ацхыраара аҭара аформақәа жәаба инареиҳауп. Аԥхьатәи амшқәа рзы аҭел аҭак аҟаҵара ҳахьӡомызт. Ҳусуҩцәа аҵых акыр ицаанӡа аусураҿы иаанхон. Ауаа азҵаауан ацхыраара аҭашьа аформақәа. Аԥхьатәи ахымш рыла еизаҳкит 250 000 мааҭ. Асеиԥш уажәраанӡа ҳақәымшәацызт. Ауаа аԥара ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟынтәи иаарышьҭуан, иаарышьҭуан Урыстәыла арегионқәа рҟынтәгьы. Санелька лзы аԥара напеилаԥсала еизаҳкит уҳәар алшоит", — лҳәеит лара.

Афонд хылаԥшра знаҭо арҭ ахҩык иаарласны Москватәи ахәыҷтәы ԥсихоневрологиатә центр ахь ишьҭхоит.

Санель Ажьиԥҳа аоперациа лзырураны иҟоуп лаҵарамза 19 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0