"Ты супер!" Аҟәа: Лера Адлеиԥҳа дызлахәу ашоу аекран ду ала идырбахоит

© Sputnik Зафас Гамгия Лера Адлеиԥҳа дызлахәу ашоу аекран ду ала идырбахоит
Лера Адлеиԥҳа дызлахәу ашоу аекран ду ала идырбахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Валериа Адлеиаԥҳа дызлахәу апроект "Ты супер!" аканал НТВ-и Sputnik Аԥсни асабша, лаҵарамза 13 рзы иддырбоит.

АҞӘА, лаҵарамза 12 — Sputnik. Валериа Адлеиаԥҳа дызлахәу апроект "Ты супер!" аканал НТВ-и Sputnik Аԥсни асабша, лаҵарамза 13 рзы иддырбоит.

Уажәтәи асабшазы адырраҭара ахәаԥшра алшоит, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны икыду аекран ду ала, асааҭ 20:00 рзы.

Аԥсуа шәаҳәаҩцәа Валериа Адлеиԥҳа ақәҿиарақәа лзеиӷьаршьеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа шәаҳәаҩцәа Валериа Адлеиԥҳа ақәҿиарақәа лзеиӷьаршьеит

"Аԥсны дыҟамзар ҟалап уаҩԥсык, Лера лықәҿиарақәа ирышькламԥшуа, лара лзы згәы мхыҭхыҭуа. НТВ-и Sputnik-и еиҿыркааз апроект даара агәыҭбаара, ауаҩра, абзиабара аҵоуп. Ҳәарада ашоу аҩнгьы уахәаԥшыр ҟалоит, аха ҳара иҳаӡбеит ҳҽеидкыланы ҳ-Лера лықәгылара ҳахәаԥшырҟ, адгылара лаҳҭарц", — иҳәеит Sputnik Аԥсны аиҳабы Руслан Бганба.

Адырраҭара арбара еиҿыркаауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилаки акоманда "Нарты из Абхазии".

"Ҳара ҳашәаҳәаҩ қәыԥш ҳлықәгәырӷьоит. Иаҳҭахуп ларгьы илҳарбарц заҟа ҳлыхӡыӡаауа", — иҳәеит Апарламент адепутат, акоманда "Нарты из Абхазии" адиректор Венори Бебиа.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак аҟазауаҩ хада Есма Кәыҵниаԥҳа ақалақьуаа рахь ааԥхьара ҟалҵеит асабша ахәылԥаз амшын аԥшаҳәахьы инеирц.

Апроект "Ты супер!" лаҵарамза 13 рзы иубар алшоит асааҭ 20:00 амаҵзура Аԥсны асаит аҿи ателеканал НТВ аҿи.

Ажәабжьқәа зегьы
0