Еицырдыруа ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Сергеи Кәыҵниа 90 шықәса ихыҵит

© SputnikСергеи Кәыҵниа лаҵарамза 16 рзы 90 шықәса ихыҵит
Сергеи Кәыҵниа лаҵарамза 16 рзы 90 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Сергеи Кәыҵниа лаҵарамза 16 рзы 90 шықәса ихыҵит. Аиубилиар дихцәажәоит иколлега Виктор Кәакәасқьыр.

Роберт Џьопуа, Sputnik

Еицырдыруа ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Сергеи Кәыҵниа лаҵарамза 16 рзы 90 шықәса ихыҵит. Сергеи Кәыҵниеи ажурналист Виктор Кәакәасқьыри акыршықәса аус еицыруан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны. Виктор Сергеи Михаил-иԥа дигәалаиршәоит аиашара бзиа избоз напхгаҩык иҳасаб ала.

Иахьа агазеҭ "Аԥсны" ауаажәларра-политикатә ҟәша аредакторс аус зуа Виктор Кәакәасқьыр хынҩажәижәабатәи ашықәсқәа раан аррамаҵзура дахысны Тҟәарчалтәи ашахтаҿ аусура далагеит.

Иара убри аамҭазы агазеҭқәа рзы астатиақәа иҩуан.

"Сара еснагь оумашәа избон, абжьаратә ҵара ада акгьы змамыз аҷкәын, сыстатиақәа риашара рацәак иахмыжькәа иахьыркьыԥхьуаз. 1978 шықәса рзы акәын. Ашахта аучастка аиҳабы Аҟәантәи аҭел иузасуан, аредакциахь иуԥхьоит ҳәа адырра сиҭеит. Иансаҳәаз амш аҽны Аҟәаҟа сааит. Аредакциаҿ Сергеи Кәыҵниа иахь снеины "сара ашахтиор Виктор Кәакәасқьыр соуп" ҳәа схы исырдырит. Иара дааԥышәырччан: "Сара сгәы ишаанагоз ала ҭаҳа-ҭыӷьак уоуп ҳәа акәын, иҳәеит", — ҳәа игәалаиршәоит Виктор Кәакәасқьыр.

Сергеи Кәыҵниа аредколлегиа даарыԥхьан ажурналист-ҿа дыдирдырит. "Иара убри амш аҽны аусурахь срыдыркылеит. Оумашәа иубаша, иахәҭаз аҵара змамыз, еергьҳәа иидыруаз, ауа-аҭынха рганахь ала бӷа дук зманы

иҟамыз ашахтиор аусура дахьидикылаз ауп. Аха Сергеи Михаил-иԥа ауаа рыпрофессионалтә ҟазшьақәа аԥыжәара риҭон", — иҳәеит иара.

Аамҭақәак рышьҭахь Виктор қәҿиарала дрылгоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети ЦК КПСС аҿы иаԥҵаз апартиатә школи. Иара убри аан аредакциаҿы аус шиуц иуан. Усҟантәи амҭақәа раан аредакциа аусзуҩцәа жәпаҩык абзазаратә проблемақәа рыман. Кәыҵниа ишилшоз ала урҭ апроблемақәа рыӡбраҿы ацхыраара ҟаиҵон, ҳәа иҳәоит Кәакәасқьыр.

"Сергеи Михаил-иԥа азҿлымҳара узҭоз напхгаҩын. Идыру акоуп усҟантәи аамҭақәа рзы Аҟәа еиҳа аԥыжәара зманы иҟаз аԥсуаа шракәмыз. Иара илшоз ала ҳара зегьы ацхыраара ҳаҭара иҽазишәон. Ирацәоуп уи аганахь ала иааугаша аҿырԥштәқәа", — иҳәоит Кәакәасқьыр.

Иара иажәақәа рыла аредактор хада апрофессионалтә ҩаӡара даара азхьаԥшра азиуан.

Иҟан хҭыск, асобкор Виктор Кәакәасқьыр Сергеи Михаил-иԥа иҟынтәи лахь аниоуз. Уи мзызны иамаз Тҟәарчал имҩаԥысуаз апартиатә конференциа аҟынтәи ианаамҭаз аматериал ахьыхиамхаз ауп.

"Традициала ишаԥыз еиԥш, аконференциа ашьҭахь абанкет ахь ҳнарыԥхьеит. Сара сқәыԥшын, изызӡарызеи, маҷк сатәнатәит изжәыз. Ус шакәызгьы аҩны санааи аматериал рхианы сышьҭалеит. Сгәы иаанагон ашьыжь заа ааԥшра сылшап ҳәа. Аха ус иҟамлеит. Самхацәеит. Ажәакала Аҟәа саннеиз адырҩаҽны ауп. Аматериал сыманы аредакциахь сынхалеит. Аредактор иахь снеиуеит ҳәа сшаҿыз ауп лахь шсыҭоу атәы зҳәоз адырра аҭӡы ишкыдыз сылаԥш анақәшәа – ианаамҭаз аматериал ахьнасымгаз азы", — игәалаиршәоит Виктор.

Аматериал ркьыԥхьит, аԥхьаҩцәа рзы аинтерес аҵангьы иҟалеит, уи азы аредактор хада иҟынтәи абзырӡыжәақәагьы акыр иаҳаит автор.

"Аамҭақәак рышьҭахь, сматериал егьырҭ аматериалқәа иахьреиӷьыз азы аџьшьара сиҭеит абас, зны дсацәҳаит, нас аџьшьара сиҭеит", — иҳәоит Кәакәасқьыр.

Сергеи Кәыҵниа СССР ажурналистцәа Реидгылеи Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи дырлахәылоуп. 1972 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" напхгара аиҭон.

Ажәабжьқәа зегьы
0