Хьыбла Гьерзмааԥҳа Кремль аԥсуа ашәақәа налыгӡоит

© Foto / из личного архива Хиблы ГерзмаваУрыстәылеи Аԥсныи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа
Урыстәылеи Аԥсныи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кремль ахан аҟны лконцерт мҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза 24 Урыстәылеи Аԥсныи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

АҞӘА, лаҵарамза 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Кремль ахан аҟны лконцерт мҩаԥысраны иҟоуп Урыстәылеи Аԥсныи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Лара иналыгӡараны дыҟоуп аԥсуа жәлар рашәақәа реиԥш ҳаамҭазтәи аԥсуа ашәақәагьы. Абри атәы аоператә шәаҳәаҩы апрограмма "Вечерний Ургант" аҟны илҳәеит.

"Аконцерт актәи ахәҭаҟны аоператә ашәақәа насыгӡоит. Исыцықәгылоит Светланов ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә оркестр. Адирижиор иҭыԥ ааникылоит апремиа "Гремми" алауреат, сҩыза бзиа Марко Армилиато. Аконцерт аҩбатәи ахәҭаҟны инагӡахоит асовет ашәақәа, аџьаз астиль ала, иара убасгьы аԥсуа ашәақәа", — лҳәеит ашәаҳәаҩ.

Иара убасгьы Кремль имҩаԥысуа аконцерт аҿы Хьыбла ашәа лыцырҳәараны иҟоуп Лаима Ваикулеи Лариса Долинеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0