Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит

© Sputnik Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит
Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи араунд азыԥхьагәаҭоуп 2017 шықәса рашәарамза 20-21 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 18 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥшьаша, лаҵарамза 18 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит.

"Ҳара иахьа ҳрылацәажәоит изаамҭанытәиу араунд амшхәаԥштә аҟны иқәыргылахо азҵаарақәа. Иара убри аан иазгәаҭатәуп ҳҽазышәарақәа зегьы рылҵшәа шмаҷу, ақырҭуа ган амч ахамырхәаразы аҳәамҭа аҟаҵара аҽахьацәхьанакуа инамаданы", — иҳәеит аминистр.

Евроеидгыла аҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ Херберт Зальбер Даура Ақаҩба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит хаҭала аԥсуа-қырҭуа ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҭаара ахьалиршаз азы.

"Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Гал араион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа ҳалала иаабартә еиԥш ахьалшәыршаз азы. Уахь ҳнеира даара хра аманы иҟалеит ҳара ҳзы", — иҳәеит Херберт Зальбер.

Зальбер агәыӷра имоуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд ԥхьаҟа ашьаҿаҟаҵарақәа ирыцхраап ҳәа. Иара иҳәеит иганахь ала азҵаарақәа, амчра ахархәарагьы абрахь иналаҵаны, рыӡбра илшо ала адгылара шриҭо.

ООН аҟынтәи аиҿцәажәарақәа рҟны ацхантәаҩыс иҟоу Анти Турунен иара убас иазгәеиҭеит аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны ауаа реиҭанеиааира аҭагылазаашьа иамоу илала абара акраҵанакуаны ишыҟаз.

ОБСЕ аҟынтәи аиҿцәажәарақәа рҟны ацхантәаҩыс иҟоу Гиунтер Бехлер иҳәеит, Женеватәи аиҿцәажәарақәа иара игәаанагарала арегион аҟны аҭышәынтәалара алдыршоит ҳәа.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәуп: Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0