Аҟәа араион аҟны ауаҩы дыршьит

© Sputnik / Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҟәа араион аҟны ауаҩы дыршьит
Аҟәа араион аҟны ауаҩы дыршьит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит ареспублика атәылауаҩ иоуз ахәрақәа рҟынтәи.

АҞӘА, лаҵарамза 19 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ауаҩԥсы Акаба Арнольд Анзор-иԥа, 1992 шықәса рзы ииз, аԥшьаша, лаҵарамза 18, асааҭ 16.30 рзы ахәрақәа иманы ахәышәтәырҭахь даннарга ашьҭахь имаз ахәрақәа дырхыԥсааит.

"Ашьаусҭҵаарақәа рымҩаԥгара ҳаҿуп. Макьаназы ауаҩԥсы ахәышәтәырҭахь даннарга ашьҭахь иԥсҭазаара дшалҵыз ауп иаадыруа", — иҳәеит Аҟәа араион Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Беслан Аҩӡба.

Аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟарҵеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа адкыларҭаҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0