Жәларбжьаратәи арра-тактикатә еицлабра иалахәуп Аԥснытәи акоманда

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи астраикболистцәа
Аԥснытәи астраикболистцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи астраикболистцәа раԥхьаӡа акәны официалла ареспублика ахьӡала иқәгылараны иҟоуп "Сутки на броне" захьӡу жәларбжьаратәи арра-тактикатә еицлабраҟны.

АҞӘА, лаҵарамза 19 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи астраикболистцәа раԥхьаӡа акәны официалла ареспублика ахьӡала иқәгылараны иҟоуп 3500-ҩык злахәу, лаҵарамза 20-21 рзы имҩаԥысраны иҟоу "Сутки на броне" захьӡу жәларбжьаратәи арра-тактикатә еицлабраҟны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥснытәи арра-тактикатә ҟәша "Нэрс" аиҳабы Денис Шашура.

"Ари аицлабра адунеи зегьы аҟны иналукааша еицлаброуп страикбол аганахь ала. Иара иалахәуп 3500-ҩык ауааԥсыра. Ҳкоманда шьақәгылоуп быжьҩык рыла, руаӡәк дыӡӷабуп", — иҳәеит Шашура.

Иара иажәақәа рыла аицлабра асценари ала имҩаԥысраны иҟоуп США-и аԥснытәи акоманда злахәу ареспубликақәа рконфедерациеи реибашьра.

"Ҳара уажәы ҩынтәуп аицлабрақәа ҳрылахәижьҭеи, аха уажәы официалла ҳрылахәуп. Уи аҭакԥхықәра ҳаднаҵоит", — иҳәеит Шашура.

Аицлабрақәа раан ахархәара рыҭоуп атанкқәа, агаубицақәа, апарапланқәа, БМП, БТР.

Ажәабжьқәа зегьы
0