Рауль Ҳаџьымба Валериа Адлеиаԥҳа лыҩны аиҭашьақәыргылара дадгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба
Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ты супер!" алахәыла Валериа Адлеиаԥҳа лҭаацәа рыҩны блит, убри иахҟьаны лара ашкол-интернат дҭарҵар акәхеит.

АҞӘА, лаҵарамза 26 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Апроект "Ты супер!" алахәыла Валериа Адлеиаԥҳа лҭаацәа рыҩны еиҭашьақәыргылахоит, ҳәа ҳкорреспондент илзаалыцҳаит атәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

Аԥсны аҿар Валериа Адлеиаԥҳа адгылара лырҭоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҿар Валериа Адлеиаԥҳа адгылара лырҭоит

"Жәларбжьаратәи авокалтә конкурс "Ты супер!" аҟны ҳтәыла қәҿиарала ахьӡ аҭгара даҿуп ашәаҳәаҩ қәыԥш Валериа Адлеиаԥҳа. Уи лҟазареи лыбжьы хааи миллионҩыла ауаа хнахит. Зегьы еицырдыруа акоуп иахьа атәылаҟны анхарҭа ҭыԥқәа рзы аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу, аха Аԥсны Ахада аӡбра идикылеит Валериа лҭаацәа рыҩны еиҭашьақәыргылахарц", — лҳәеит Аҩӡыԥҳа.

Аҭаацәара афинанстә цхыраара роухьеит, уажәшьҭа аргыларатә усурақәа хацыркхоит. Аконкурс аефир аҟны Валериа лылаӷырӡқәа лҿаҳәҳәы еиҭалҳәон аҭаацәа зықәшәаз арыцҳара атәы, лабду усҟан дышҭахаз. Амца аҩны зегьы амҽхакны иаблит. Валериа лҭаацәагьы ахәыҷы ашкол-интернат ахь дрышьҭыр акәхеит.

Апроект аҟны лара илҳәеит аҩн ҿыц дшеигәыӷуа.

Апроект афиналтә қәгылара мҩаԥысраны иҟоуп Кремль, лаҵарамза 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0